Адәыӷба Аҟәа-Белгород аныҟәара иалагоит ԥхынгәы алагамҭаз

© Sputnik Томас ТхайцукСухумский вокзал
Сухумский вокзал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адәыӷбамҩа ҿыц еиднаҳәалоит Аҟәеи Белгороди.

АҞӘА, рашә 19 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Ԥхынгәы алагамҭа инаркны адәыӷбамҩа ҿыц Аҟәеи Белгороди еиднаҳәалараны иҟоуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит  «Аԥсны Адәыӷбамҩа» адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Игор Марганиа.

"Аихшанҵа ишарбоу ала адәыӷба ныҟәалоит ԥхынгәи нанҳәеи амзақәа рзы, мызкахьы хәынтә. Белгородынтәи адәыӷба ықәҵуеит асааҭ 12.50 минуҭ рзы (2, 8, 14, 20, 26 амшқәа рыҽны). Адәыӷба амҩа иқәхоит ҩахеи ҩымши рҟынӡа. Аҟәантәи идәықәлоит  19 сааҭи 46 минуҭи рзы (4, 10, 16, 22, 28 амшқәа рыҽны). – иҳәеит Марганиа.

"Аԥсны Адәыӷбамҩа" анапхгара ирымоу адыррақәа рыла 2014 шықәса рзы адәыӷбала аныҟәара 200 000-ҩык ауаа имҩаԥыргеит. 2015 шықәса рзы урҭ азыԥшуп имҩанырго апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара акыр еиҳахап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0