Агәабзиарахьчара аусхк аҟны аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа ирылацәажәеит

© Sputnik Анжелика БенияФото с места события.
Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара агәабзиарахьчара аусхк аҟны аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа разырхиаразы, Аԥсны официалтә визитла иааны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа.

АҞӘА, ԥхн 1 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара агәабзиарахьчара аусхк аҟны аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа ирылацәажәеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҟны, аҩашаҽны, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациеи ҳәа аҭыԥаҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.
Аминистрцәа Реилазаараҟны  аицусутә гәыԥ рылацәажәон агәабзиарахьчара аусхк аҟны аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа рызҵаарақәа.

Урыстәылатәи Афедерациа Агәбзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Анатоли Гулин ҭабуп ҳәа реиҳәеит ирыҭаз адкылара ԥха азыҳәан, иазгәеиҭеит аиқәшаҳаҭра анапы зҵарыҩхьоу аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рыҿиара шазыԥхьагәанаҭо, уи аиқәшаҳаҭра апарадигма ишаҵанакуа.

"Азҵаарақәа зегьы рганахьала аусурақәа цәыббразы ихыркәшахароуп. Сгәы иаанагоит ахәылбыҽха аҽазныкгьы ҳаиқәшәаны аусутә мшы аихшьаалақәа ҟаҳҵароуп ҳәа. Настәи аусурақәа ирыцырҵоит Аԥсни Урыстәылеи рынагӡаратә мчрақәа, избанзар  арҭ аиқәшаҳаҭрақәа рхырхарҭақәа акыр ирацәоуп, Афинансқәеи Аекономикеи рминистррақәеи егьырҭ анагӡаратә мчра аорганқәеи ирыдҳәалоуп. Дарах, нас ҳаиқәшаҳаҭра ныҭкааны иҭҵааны аԥснытәи анагӡаратә мчрақәеи дареи еицақәшаҳаҭхароуп", — азгәеиҭеит Гулин.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов иазгәеиҭеит адокумент аганқәа рыҩбагьы рҟынтәи зхаҭабзиара ҳараку аусадулара аҭахны ишыҟоу.

"Ҳара, апроцесс лҵшәабзиала ицаларц азы аусура ирласны, хаҭабзиара аманы инаҳагӡароуп", — иҳәеит Гоов.

Аицусутә гәыԥ аҟны ирылацәажәон ахәшәқәа рыла аиқәыршәареи, Аԥсны агәабзиарахьчара асистемазы акадырқәа разыҟаҵареи азҵаарақәа.

"Ҳара азҵаара рацәа шҳамоугьы ихадоу ҳәа иҳаԥхьаӡоит Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа амедицинатә ԥгаԥса рзеиҿкаара, ахәышәқәа рыла реиқәыршәара уҳәа убас акрызҵазкуа азҵаарақәа", — иҳәеит Гулин.

Иара иажәақәа рыла урыстәылатәи аделегациазы аконструктивтә ҟазшьа аманы иҟан Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаби дареи реиԥылара.

"Аилкаара еицҳаманы ҳаҟоуп цәыббранӡа ари адокумент азырхиара адагьы ҳнапгьы аҵааҩыроуп ҳәа, аамҭа аганахьала аркьаҿрақәа ахьҳамоу азы", — иҳәеит Гулин.

Урыстәылатәи аделегациа аилазаара шьақәгылан Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистрреи, Амедицинатә ԥгаԥса Афедералтә фонди, Краснодартәи атәылаҿацә Ахадареи рхаҭарнакцәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0