Гоов аиқәшаҳаҭра апроект азы: акахьы ҳаицкылсит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоови Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Анатоли Гулини Амассатә информациа ахархәагақәа ирзеиҭарҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара агәабзиарахьчара аусхк аҟны аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа рганахьала имҩаԥыргоз аиҿцәажәарақәа рылкаақәа ртәы.

АҞӘА, ԥхн 2  – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аганқәа рыҩбагьы агәалаҟазаара бзиа ҳаманы аилацәажәарақәа хҳаркәшеит  ҳәа Амассатә информациа ахархәагақәа  русзуҩцәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминисттр Андзор Гоов, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара агәабзиарахьчара аусхк аҟны аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа рганахьала имҩаԥыргоз аиҿцәажәарақәа рылкаақәа дырзааҭгыло.

Агәабзиарахьчара аусхк аҟны аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа ирылацәажәеит

Гоов иажәақәа рыла урыстәылатәи аган аиқәшаҳаҭра апроект алацәажәараан аԥсуа ган агәазыҳәарақәа зегьы  еилкааны аиқәшаҳаҭра апунктқәа рҟны иадырбеит.

"Ҳара лкаак ҳаицазнеиит – уи ауп ихадараны иҟоу. Аилибамкаарақәа рацәамызт. Аганқәа рыҩбагьы ҳус ҳахашшаартә ҳаҟам", — инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

Гоов иазгәеиҭеит иара убас агәабзиарахьчаразы азакәан аҟамзаара апроблемақәа шыхылҿиаауагьы, иааидкыланы аиқәшаҳаҭра  азырхиареи адкылареи ирԥырхаганы ишыҟам.

"Сара издыруеит азакәан шазырхиоу. Иара убас аус адулара иаҿуп ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса азгьы азакәан. Цәыббрамзанӡа аамҭа ҳамоуп", — ациҵеит иара.

Аиқәшаҳаҭра ҿыцқәа аԥсуа медицина аусзуҩцәа рзинқәа ирԥырхагамхаӡо ҳәа иқәыргылаз азҵаара аҭакс иазгәеиҭеит  урҭ рзинқәа рыхьчарагьы ишалацәажәаз.

"Ҳара ҳмедицина аҩаӡара ашьҭыхра ҳуалуп. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра, Ареспубликатә хәышәтәырҭоуп ихадоу хәышәтәырҭаны иԥхьаӡоу, уаҟоуп иахьырыӡбо ҳтәылауаҩ  урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны ихәышәтәра аҭаху иаҭахыму. Уаҟоуп аҽыхәышәтәразы адәықәҵага бӷьыцқәагьы ахьаздырхио", — иҳәеит иара.

Андзор Гоов иажәақәа рыла иҟоуп альгота змоу  акатегориақәа, урҭ хәшәыла аиқәыршәаразы афедералтә закәан иаҵанакуеит. Альготақәа ахрархәара рылшоит Аџџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа, иара убасгьы Аԥсны жәлар Рџььынџьтәәылатә еибашьра аветеранцәагьы арахь иаҵанакырц азы ажәалагала ҟаҵан.

Аԥсны официалтә визитла иаҭааны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара агәабзиарахьчара аусхк аҟны аиқәшаҳаҭра апроект азырхиаразы.

Урыстәылатәи аделегациа шьақәгылоуп Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистрреи, Амедицинатә ԥгаԥса Афедералтә фонди Краснодартәи атәылаҿацә Ахадареи рхаҭарнакцәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0