Автобуси аидарамҩангага машьынеи реиҿасраан аԥсҭбара ҟалеит

© Sputnik Томас ТхайцукАвтобуси аидарамҩангага машьынеи реиҿасраан аԥсҭбара ҟалеит
Автобуси аидарамҩангага машьынеи реиҿасраан аԥсҭбара ҟалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҷлоунтәи Аҟәаҟа амҩа иқәыз автобуси аидарамҩангага машьынеи еиҿасит. Автобус апассаџьырцәа аӡәы дҭахеит ҩыџьа рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Ҷлоунтәи Аҟәаҟа амҩа иқәыз автобуси аидарамҩангага машьынеи еиҿасит. Автобус апассаџьырцәа аӡәы дҭахеит ҩыџьа рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуп. Абри атәы Sputnik акорреспондент изааицҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Тегран Делибалтиан.

"Амҩатә машәыр ҟалеит ашьыжь, асааҭ жәба рыбжазы, ареспубликатә трассаҟны (Мықәтәи ачаисавхоз ахь ахаҵәирҭаҟны). Ҷлоунтәи Аҟәаҟа амҩа иқәыз автобуси аидарамҩангага машьынеи еиҿасит. Апассаџьырцәа руаӡәк, Џьинџьолиа зыжәлаз дҭахеит, аҽа ҩыџьа рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуп", — иҳәеит Делибалтиан.

Тегран Делибалтиан иазгәеиҭеит аидарамҩангага машьына аԥсҟы зкыз дамхацәеит, амҩатә машәыргьы уи иахҟьазар ҟалап ҳәа агәаанагара шыҟоу.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0