"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахадеи, астудентцәеи реиԥылара мҩаԥысит

© Sputnik, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахадеи, астудентцәеи реиԥылара мҩаԥысит
Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ахадеи, астудентцәеи реиԥылара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысит ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуеи, Аԥснынтә, Ҭырқәтәыла, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵои, сынтәа ҿыц иҭалаз астудентцәеи реиқәшәара.

АҞӘА, ԥхынгәы 21 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аԥснынтә Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟны иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәа рхыԥхьаӡара 80-ҩык инарзынаԥшуеит. Уаҟа дара иалырхыз азанааҭқәа рыла, ироурц рылшоит зыҩаӡара ҳаракыу аҵарадырра. 

Аиԥылара аартуа, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа иазгәеиҭеит, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны  Аԥснынтә Ҭырқәтәыла аҵара  зҵо астудентцәа иҷыдоу ахаҵгылара шрырҭо   Гагратәи алицеи-интернат анапхгара, Ҭырқәтәыла инхо   хдиаспора, Аԥсныҟа  ихынҳәыз ҳџьынџьуаа абизнесменцәа.  Иҳәеит, уажәааигәа иаԥҵахаз ауаажәларратә  еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахықәкы хадақәа ишыруакыу, ҳҿар,  зыҩаӡара ҳаракыу аҵара-дырра роуразы  ацхыраара рзыҟаҵара.

"Ҳара, иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, шәара аԥхьаҟатәи  шәыԥсҭазаара аиӷьтәразы.  Аҵара ахьышәҵо аҳәаанырцә, зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳҳәынҭқарра ахаҿра аашәырԥшуеит, иӡырыжәгоит.  Шәҿырԥшыганы шәыҟазарц ҳҭахыуп. Ижәдыруаз, ҳара  еснагь адгылара шшәаҳҭо. Ахылаԥшра азаҳуеит шәхымҩаԥгара, аҵара аус аҟны шәеихьӡарақәа.  Ҷыдала ишьақәыргыланы иҳамоуп шәҵаратә процесс аизырҳара иацхраауа апрограмма. Ҳфонд абзоурала, аҵараҿы  иалкааны зхы аазырԥшуа ҩыџьа астудентцәа, есышықәса  алшара раҳҭоит Европатәи атәылақәа рҟны, рҵаратә ԥышәа аизырҳаразы. Иара убас, есышықәса хәҩык астудентцәа аԥаратә ҳамҭақәа ранашьара", — ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.

Аизараҟны, афонд ахадеи, астудентцәеи, хырхарҭа рацәала азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иҟаҵаз аихшьаала инақәыршәаны,  еиҿкаан астудентцәа рхеилак. Бжьыҭирыла ишьақәырӷәӷәан жәҩык астудентцәа рыхьӡ. Уажәшьҭарнахыс,  Сҭампыл, Анкара, Адаԥазар, Есқьишьеҳир ақалақьқәа рҟны аус руеит астудентцәа рхаҭарнакцәа. Дара, Ҭырқәтәыла зегьы  аҵара зҵо  астудентцәа рзы еимаздо цҳаны иҟалоит.

"Астудентцәа рыхьӡала, Сенер Гогәуа ҭабуп хәа иасҳәоит еснагь иаҳзааирԥшуа ахаҵгыларазы. Саргьы астудентцәа рхеилак аилазаара сахыԥхьаӡалоуп иахьарнахыс. Хымԥада, ари аҭакԥхықәра ду ҳаднаҵоит.  Астудентцәа ҳаиднакылоит. Ҳусқәа реиҿкаараҟны даара ицхыраагӡахап ҳәа сақәгәыӷуеит", — лҳәеит Есқьишьеҳир ақалақь аҟны Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакәльтет аҟны аҵара зҵо Енџьы Патараиа.

Аизара хыркәшо, Сенер Гогәуа астудентцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит. Иҳәеит,  рҵара аныхдыркәшалак  анаҩс, рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәра ишазыԥшу. Хымԥада, аԥхьаҟа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара азҵаара ахаҵгыларагьы  шазыруа.

Ажәабжьқәа зегьы
0