Амодельиер Аршаниаԥҳа: ҳара ҳашьҭан абираҟ иидеалтәу аизышәара аҳҭарц

© Sputnik Астанда АрдзинбаАмодельер Арда Аршаниа.
Амодельер Арда Аршаниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амодельиер Арда Аршаниа еиҭалҳәоит 1992 шықәсазы раԥхьатәи Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ шылӡахыз атәы.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Абираҟ аӡахраан аизышәарақәа зегьы уақәшәаны иҟауҵароуп, аҭбаара аура аасҭа ҩынтәны еиҵазароуп, абираҟ хыхьтәи акәакь аҟны иҟоу акәакьҭаиаша ҟаԥшь аҭбаара иара ацәаҳәақәа хԥа рыҭбаара иаҟаразароуп ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит асахьаҭыхыҩ Валерии Гамгьиа иескиз ала раԥхьатәи Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ зӡахыз амодельиер Арда Аршаниаԥҳа.

Аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны
Дамениа: ақырҭқәа ирҭахын аԥсуа бираҟи агерби дара релементқәа алазарц

Аҟәатәи аӡахырҭатә фабрика "Амодақәа рыҩны" аусуаҩ аҭакԥхықәра ду зцыз аус лнапы ианырҵеит 1992 шықәса аԥхынразы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагара мчыбжьқәак шагыз. Абираҟ аӡахра санналага инаркны афабрика аиҳабы иҭел ахь, иқәмақарны, иасуа иалагеит. Ацех аҟны аусура шәарҭахеит ҳәа еиҭалҳәоит амодельиер.

"Сареи аҽа ҩыџьеи, Шьалуа Занҭариеи Лида Ҭаркьылԥҳаи, аескизқәеи абеи ҳаманы аҩныҟа усура ҳрышьҭит. Асахьаҭыхҩы дааҳԥырымшәо дҳадтәалан, аусура шцоз хылаԥшра аиҭон. Џьара аиаҵәа амхны аҟаԥшь ашәҭ иҳәон, аҽаџьарагьы аҽак ириашон. Ҳара идеалыз аизышәара аԥшаара ҳашьҭан", — ҳәа лгәалалыршәоит Аршаниаԥҳа.

Абираҟ аусуратә вариантқәа Валерии Гамгьиа акомиссиа ахәаԥшразы игон, уа акомиссиа алахәылацәагьы ариашарақәа ацырҵон ҳәа еиҭалҳәоит лара. Аҵыхәтәантәи авариант ибзиоуп ҳәа азхеиҵеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба. Убри ашьҭахь ауп ажәлар реизараҟны раԥхьаӡа акәны ианцәырыргаз 1,5 метра зоуреи 70 сантиметра зыҭбаареи наӡоз раԥхьатәи аԥсуа бираҟ.

"Аҟәа, ареспубликатә стадион аҟны еизаны иҟан Аԥсны ахи-аҵыхәеи рҟынтәи арымӡаа жәлар. Абраҟа, Лыхны ақыҭауаҩ аҽы дақәтәаны, абираҟ ихашәыршәыруа даақәлеит. Нас абираҟ амшын аԥшаҳәа иаваршәны иқәыргеит", — илгәалалыршәоит амодельиер.

Хара имгакәа аибашьра иалагеит. Аршаниаԥҳа лҭаацәеи лареи Аҟәа аанрыжьыр акәхеит, раԥхьатәи абираҟ ахҭысқәа ҳәа акгьы лыздырам. Аха аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны ахақәиҭреи аиааиреи ирсимволхан иҟалаз аԥсуа бираҟ ҳаибашьцәа аҵагылан ҳәа азгәалҭоит Аршаниаԥҳа.

"2008 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны аназханаҵа ашьҭахь сара исҳәеит Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵараны иҟоу атәылақәа рбираҟқәа зегьы шызӡахра ҳәа. Сара уажәы исымоуп Урыстәыла, Никарагуа, Венесуела, Тувалу уҳәа егьырҭ ҳҩызаратә тәылақәа рбираҟқәа. Егьырҭ атәылақәа рбираҟқәа рзгьы аҭыԥ сымоуп", — лҳәеит амодельиер.

Аԥсны абираҟ амш ацәыргақәҵақәеи аныҳәатә концерти рыла иазгәарҭоит

Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, 1978 шықәсатәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аусура аанкыларази 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа аиҭашьақәыргыларази аӡбра анрыдыркыла ашьҭахь.

1992 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи абираҟ, аԥсуа-абаза жәлар раԥхьатәи Аконгресс амҩаԥгараан, Владислав Арӡынба абаза жәлар рхаҭарнак Олег Етлухов ииҭеит. 2013 шықәса рзы ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра раԥхьатәи атрибут Аԥсныҟа ирхынҳәын. Иахьа уи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иҵәахуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0