Елизавета Гамгьиаԥҳа: абираҟ аԥҵара Валери Гамгьиа иԥсҭазааран

© Sputnik Бадрак АвидзбаЕлизавета Гамгия
Елизавета Гамгия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа 23 шықәса ҵуеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ рыдыркылеижьҭеи.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Валери Гамгьиа иԥсҭазаара зегьы амилаҭтә бираҟ аԥҵара иазкын ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит абираҟ автор иаҳәшьа Елизавета Гамгьиаԥҳа.

"Валери Аԥсны аҭоурых аҳәынҭқарратә бираҟ ианыԥшыртә аҟаҵара илшеит", — лҳәеит Гамгьиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит абираҟ аԥҵаразы автор аусура ду шымҩаԥигаз.

"Ҳҭоурых зныԥшуа асимволика аԥҵаразы иҟан Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵара. Ирылаҳәан аконкурс. Уа иалахәын шәкы инареиҳаны аусумҭақәа. Абираҟ аескизқәа раԥҵараан Валери ҳҭоурых аҭҵаара акыр иҽалеихалеит. Абираҟ аиҿкааразы ибзианы иудыруазароуп аелиментқәа рышьақәыргылашьа. Иара иҭиҵаауан аҭҵаарадырратә литература, ажәлар рмифалогиа", —  ацылҵеит лара.

Иара убасгьы иазгәалҭеит абираҟ иану амаҿа автор имаҿа шакәу.

"Абираҟ аҟны Валери Гамгьиа имаҿоуп иану, атуш иӡаашьны абахьы иеигеит. Уи абираҟ иара анышә дахьамадоу баҟак аҳасабала игылоуп", — азгәалҭеит Елизавета Гамгьиаԥҳа.

Амодельер Арда Аршаниа. - Sputnik Аҧсны
Амодельиер Аршаниаԥҳа: ҳара ҳашьҭан абираҟ иидеалтәу аизышәара аҳҭарц

Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, 1978 шықәсатәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аусура аанкыларази 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа аиҭашьақәыргыларази аӡбра анрыдыркыла ашьҭахь.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ кәакьҭала ииашоуп. Иара аурала рҽеихыршоит ҭбаарала зҽызыԥсахуа ацәаҳәа иаҵәақәеи ацәаҳәа шкәакәақәеи, урҭ рахьынтәи ԥшьба иаҵәоуп, хԥа –шкәакәоуп. Ацәаҳәақәа хыхьынтәи аиаҵәақәа рыла иалагоит. Абираҟ хыхьтәи акәакьҭаҟны 0,38 см. ахышәа-ҵышәа змоу акәакьҭаиаша ҟаԥшь ануп. Иара агәҭа иаарту арӷьамаҿа шкәакәа арбоуп.

Амаҿа, хә-кәакьк змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба ихдыркәшоит. Абираҟ ауреи аҭбаареи реизышәара 2:1 ҳәа иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0