Хьыбла Гьерзмаа Гагратәи аҟазаратә школ миллионки бжаки мааҭ алҭеит

© Sputnik / Саида ЖибаГагратәи аҟазаратә школ
Гагратәи аҟазаратә школ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмаа Гагратәи аҟазаратә школ иазоулыжьит миллионки 430 нызқьи мааҭ аԥара.

ГАГРА, нанҳәа 5 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Есышықәсатәи апроект "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит" аҳәаақәа ирҭагӡаны, ааигәа Аҟәа ақалақь имҩаԥган Ҭаҭарсҭантәи асимфониатә оркестри Леонид Агутини Анжелика Варуми рдует злахәыз агәыҳалалратә концертқәа ҩба. Уаҟа илҵыз аԥара аоператә шәаҳәаҩы Гагратәи аҟазаратә школ аҿиаразы иазоулыжьит.

Аҟәа иаатит афестиваль "Хьыбла Гьырзмаа шәаалыԥхьоит…"

"Хьыбла Гьерзмааи сареи Гагратәи амузыкатә школ аҟны аамҭала аҵара еицаҳҵон. Ҳаныхәыҷыз инаркны ибзианы иаадыруеит ашкол иамоу ауадаҩрақәа. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, ахыбреи аҭыӡқәеи еилаҳауа ианалага, аҟазаратә школ ииаган ԥасатәи ақырҭуа хәыҷбаҳча ахыбрахь. Араҟа, иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа рҟны арҵаҩцәа 22 шықәса ахәыҷқәа аҟазара рыларааӡон.Ҵыԥхтәи ашықәс азы ахатәы азеиԥш ҵарадырратә школ "Альфа" ахыбрахь ииаган аҟазаратә школ, убри инаркны Гагратәи аҟазаратә школ аҩбатәи аԥсҭазаара аиут уҳәар алшоит", — лҳәеит Гагратәи аҟазаратә школ аиҳабы Белла Кәакәасқьыр.

Адунеитә оператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмаа изныкымкәа Гагратәи аҟазаратә школ дацхраахьан, лара лыбзоурала ҵыԥх ахәыҷқәа ирзаахәан еиуеиԥшым абжьқәа зхоу аелектрофортепиано.

"Гәыкала Хьыбла Гьерзмаа иҭабуп ҳәа ласҳәоит еиҵагыло аҽар рааӡараҿы илбо аџьабаазы. 22 шықәса раахыс уажәоуп аиҭаҿиара амҩа ҳананыло. Арҵаҩцәа зегьы рыхьӡала ҳахьӡырҳәага Хьыбла Гьерзмаа илзеиӷьасшьоит агәабзиареи ақәранҵра дуи, лнапы злалкуа аусқәа рҿы илыцзааит аманшәалара", — ҳәа азгәалҭеит аҟазаратә школ арҵаҩы Мери Ҷанба.

Иахьа Гагратәи аҟазаратә школ аҟны аҵара рҵоит 352-ҩык ахәыҷқәа. Араҟа аус руеит ахореографиеи аҿыханҵеи аестрадатә студиеи зхыԥхьаӡалоу амузыкатәи аҟәшақәа.

"Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәеи аҭаацәеи рыхьӡала Хьыбла Гьерзмаа иҭабуп ҳәа ласҳәоит ҳхәыҷқәа рганахь иаалырԥшо агәцаракразы. Лара лыбзоурала иахьа Гагра ирызҳауеит заԥхьаҟа аҟазара знапы алазкуа изырҿиауа абиԥара", — азгәеиҭеит адепутат Анзор Кәакәасқьыр.

Гагратәи аҟазаратә школ аиҳабы лажәақәа рыла, Хьыбла Гьерзмаа ирзоулажьыз аԥарала дара ашкол ахԥатәи аихагылаҟны имҩаԥыргоит акапиталтә ремонт, иара убас иаархәоит ирыгыу амузыкатә инструментқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0