Гаграа иргәаладыршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа

© Sputnik / Саида ЖибаГаграа иргәаладыршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа
Гаграа иргәаладыршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 14, аибашьра раԥхьатәи амш аҽны Гагра ақалақь, Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан имҩаԥысит ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.

ГАГРА, нанҳәа 14 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, Гагра араион анапхгара, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи. Ашәҭқәа шьҭаҵан убас Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа ахьышьақәдыргыло аҭыԥ аҟынгьы.

209-ҩык Гагра араион иалҵыз аибашьцәа Аԥсны рхы ақәырҵеит.

Ари алахьеиқәҵаратә мшы еизаз иргәаладыршәон рылаӷырӡ рҿықәыҳәҳә.

Аибашьра аҩбатәи амш аҽны, нанҳәа 15 рзы, Ԥоҭынтә Гаграҟа идәықәҵан ҩ-десанттә ӷбақәеи, ҩ-кометаки, акәылӡтәы техникақәа ԥшьбеи аршьаҟауааи злаз ампыҵахалаҩ имшынтә десант.

Аԥсадгьыл ануԥхьо: Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәалашәарақәа

Ашьыбжьон, асааҭ аказы, адесант ӡхыҵит Цандрыԥшь аҳаблан. Араҟа, аӷа аҿагылара ирҭеит аԥсуа еибашьцәа ргәыԥқәа. Аха амчқәа ахьеи́ҟарамыз иахҟьаны, ҳарԥарцәа хьаҵыр акәхеит асасааирҭа "Украина" ахьгылоу аҭыԥахь.

Анаҩс ақырҭуа мпыҵахалаҩ инапахьы иааигеит Гагра ақалақь. Иара уи алагьы аибашьра мраҭашәаратәи ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан.

"Нанҳәа 14, 1992 шықәса сгәалашәараҿы ихадоу, иуадаҩу аҭыԥ ааннакылоит. Уи аҽны, схәыҷқәа сыманы амшын ахь сцеит. Саныгьежьуаз, амҩахь дсықәшәеит сҩыза ҷкәынак. Иара исеиҳәеит аибашьра шалагаз, адесантгьы ӡхыҵраны ишыҟоу Цандрыԥшь. Иаразнак аҷкәынцәа ҳаизаны, агәыԥ аԥҵара ҳалагеит. Хымԥада абџьар ҳамамызт, ҳабжьара аӡәык-ҩыџьак ракәын ашәарыцагатә шәақьқәа змаз. Аиашазы, иахьысгәалашәо сгәы ҭԥсаауеит, исцәыуадаҩуп ахәыцрақәа рахь ахынҳәра. Сара еибашьҩык иаҳасабала, исҭахыуп ари нанҳәамзатәи амш ҳара еибашьуаз ҳамацара ҳакәымкәа, иахьа еиҵагыло аҿаргьы наунагӡа иргәаладыршәаларц", — иҳәеит аибашьҩы, Леон иорден занашьоу аветеран Александр Кьетиа.

Нанҳәа 14 рзы, раԥхьатәи аиҿахысра ҟалеит Цандрыԥшь аҳабла амҩа еихшарҭаҿы. Раԥхьатәи аԥсҭабарақәагьы убраҟоуп иахьыҟалаз.

"Сара снапаҿы иԥсы ихыҵит Иури Қаԥшь. Уи аҽны иԥсҭазаара далҵит Роман Габлиагьы", — игәалаиршәоит аибашьра аветеран, Гагратәи абыжьбатәи ахысратә бриагада аштаб аиҳабы Беслан Цкәуа.

Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны ацәыргақәҵа аатит

Беслан Цкәуа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба иусԥҟала хәажәкырамзазы, 1992 шықәсазы иаԥҵаз аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк далан.

Урҭ хықәкыс ирыман аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ацхыраара рыҭара.

Беслан Цкәуа иажәақәа рыла, дара ирдыруан аибашьра шалагоз.

"Емзар Амԥари Лиутик Бганбеи Рамиз Цкәыуеи сареи мызкы иалагӡаны аԥшыхәраҿы ҳаҟан, убри аҟнытә иаҳдыруан ԥхынгәы 14 рзы аибашьра шалагоз. Хымԥада ҳара иҳамаз аинформациа изыхәҭаз ауаа ирызнаҳгеит, аха дара уи ҵабыргхоит ҳәа агәра рзымгеит. Ҳаргьы аибашьра абас амҽхак ҭбаахоит ҳәа ҳаҟамызт. 1989 шықәсазы аҭыԥ змаз ахҭысқәа реиԥш иаҳхаҳгоз џьаҳшьон. Аҵыхәтәаны излаарԥшхаз ала, аԥсуа жәлар шьала иҿыреит рыԥсадгьыли рҭынч ԥсҭазаареи", — иҳәеит аибашьҩы.

Ажәабжьқәа зегьы
0