Акатамаран Шәача-Пицунда ахь абилеҭқәа раахәара алшоит Шәача мацара

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкатамаран Шәача-Пицунда ахь абилеҭқәа раахәара алшоит Шәача мацара. Архивтә фото.
Акатамаран Шәача-Пицунда ахь абилеҭқәа раахәара алшоит Шәача мацара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Икоммерциатәым аиҿкаара "Иаку атранспорттә дирекциа" ишаанацҳауа ала акатамаран Шәача-Пицунда ахь абилеҭқәа раахәара алшоит Шәача амшынтә баӷәаза акассақәа рҟны мацара.

АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Асҭанда Арӡынԥҳа. Иаку атранспорттә дирекциаҟны Sputnik адырра шарҭаз ала, акатамаран Шәача-Пицунда абилеҭқәа раахәара алшоит Шәача амшынтә баӷәаза акассақәа рҟны мацара, Аԥсны иахьаҵанакуа урҭ узаахәом.

Уаанӡа ишаарыцҳахьаз ала, Иаку атранспорттә дирекциеи, Росморречфлоти, Шәача ақалақь Ахадареи 70-ҩык зкуа акатамаран "Нептун" азы абилеҭқәа рыҭира иалагеит нанҳәа 17 инаркны.

Аӷба Шәачеи-Пицундеи рыбжьара аныҟәара иалагеит нанҳәа 18, ашьыжь ҳәа аанацҳауеит аилак асаит. Акатамаран дәықәлоит Шәача ақалақь аҟынтә ашьыжь, асааҭ 08:30 рзы, шьҭахьҟа ихынҳәуеит Пицундантәи асааҭ 18:30 рзы. Аамҭа ҩ-сааҭк рҟынӡа артәоит.

Аилак адырраҭара иааиԥмырҟьаӡакәа аус ауеит, акатамаран "Нептун" апаассаџьырцәа рҟынтәи аҭел аднакылоит ҳәа азгәаҭоуп аацҳамҭаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0