Ҭагалантәи аԥсшьара аамҭа иаԥскымҭоуп Аԥсны

© Sputnik Томас ТхайцукЗакат.
Закат. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳауагәаҭаҩцәа разыԥхьагәаҭарақәа рыла иааиуа амшқәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа аҳауа бзиахоит, аԥсҭҳәақәа маҷны ихылоит.

АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. Аԥсны иаҭааит "акадифаамҭа" ззырҳәо. Ҽынлагь иалшоит шьыжьы инаркны хәлаанӡа аҽыкәабара избанзар аҳауа +28+30˚С иреиҳахом. Хәылԥазыла акәзар +20 +22˚С илаҟәуеит.

Атмосфератә қәыӷәӷәара 760 миллиметра ахышәа-ҵышәа артәоит. Аԥшасра секундк ала 3-5- матра иҟоуп. Аҳауа абааӡара 60-70% инаӡоит.

Амшын аҟны зызхара аҽыкәабара иахьымӡаз раԥхьаҟа еихьӡоит. Амшынӡы аԥхарра +27˚С иҟалоит, ацәқәырԥара маҷхоит.

Ауаажәларра рҟны иҟоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа ҭагалан алагамҭа "акадифаамҭа" (бархатный сезон) ҳәа ахьӡ ҷыда замоузеи ҳәа.

Гәаанагарак ала, "акадифаамҭа" ҳәа рҳәо иалагеит 19-тәи ашәышықәсақәа рзы. Амшын Еиқәа иаԥну акурортқәа рҟны абри аамҭазы ҽынла ԥхынрак еиԥшын аҳауа аԥхарра, уахынла ихьшәашәарахон. Амшын аԥшаҳәаҟны инеи-ааиуаз аҳәсақәагьы ркадифа ҵкқәа цәырыргон. Убри иадырҳәалоит аамҭа ахьӡгьы.

Уажәааны ишыԥхарроугьы амра ухы кылнаҵәо иҟам, иҟәандашьшьыроуп, ухы инаркны ушьап аҟынӡа иухьыӡсо аԥшагьы ушьышьны иухысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0