Чрыгба: ашәарҭадара азҵаарақәа ҳара ҳзы зегьы ирыцкуп

© Sputnik Томас ТхайцукВстреча с сопредседателями Женевских дискуссий в МИД РА
Встреча с сопредседателями Женевских дискуссий в МИД РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агуманитартәи аекологиатәи ҟазшьа змоу азҵаарақәа, ҳәарада, рҵакы дууп, аха ашәарҭадара азҵаароуп ҳаиҿцәажәарақәа рҟны ихадараны иҟоу - иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа рԥылараан.

АҞӘА, цәыббра 10 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Агуманитартәи аекологиатәи ҟазшьа змоу азҵаарақәа, ҳәарада, рҵакы дууп, аха ашәарҭадара азҵаароуп ҳаиҿцәажәарақәа рҟны ихадараны иҟоу, иҳәеит лассы имҩаԥысраны иҟоу аиҿцәажәарақәа XXXIII рраунд иалацәажәарц азы Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгбеи женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи анеиԥылоз.

"Агуманитартәи аекологиатәи ҟазшьа змоу азҵаарақәа, ҳәарада, рҵакы дууп, аха ашәарҭадара азҵаароуп ҳаиҿцәажәарақәа рҟны ихадараны иҟоу. Ҳара иаҳхаҳмыршҭралоуп аилацәажәарақәа ирхықәкы хаданы ишыҟоу арегион аҟны ашәарҭадара ашьақәыргылара. Абри азы ихымԥадатәиуп Аԥсни Қырҭтәылеи, Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амчра ахамырхәара алзыршо адокументқәа анап рыҵаҩра. Ари ҳара ҳастратегиатә хықәкы хадоуп", — иҳәеит Чрыгба.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылараан аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит имҩаԥысыз араунд аконструктивизм аҟазшьа аманы ишыҟаз. Иара убасгьы иазгәеиҭеит агәыӷра шимоу ԥхьаҟатәи аиҿцәажәарақәагьы усеиԥш имҩаԥысып ҳәа.

Пресс-конференция Чирикба В.А. - Sputnik Аҧсны
Виачеслав Чрыгба: Аԥсны азхаҵара иаиуз атәыла ашәарҭадара иашьагәыҭуп

"Сгәы иаанагоит иаҳзыԥшу араунд аангьы апропагандеи аизыҟазаашьақәа реилкаареи акәымкәа ихадоу азҵаарақәа рыӡбара ҳалацәажәап ҳәа. Амш азҵаатәхәы аҟны аҵакы зманы иҟоу азҵаарақәа ҟалашт. Ҳара ҳазыхиоуп урҭ рыӡбара. Шәара сшәықәгәыӷуеит аиҿцәажәарақәа хра рыманы, алҵшәақәа ҟарҵо еиԥш еиҿышәкаап ҳәа", — азгәеиҭеит аминистр.

Чрыгба иара убасгьы иҳәеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә аполитикатә зҵаара хадақәа рыдагьы аԥсуа ган ишамоу алшара агуманитартәи аекологиатәи зҵаарақәагьы рылацәажәара.

"Амцаԥшьхәаҷа ҳшыцрақәа ықәнахуеит. Сгәы иаанагоит абри аусхк аганахьала Женеватәи аҟаза арахь иаара ишалшо арегионалтә ҟазшьа зауз апроблема аӡбра", — азгәеиҭеит Чрыгба.

Евроеидгыла аҟынтәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩ Герберт Зальбер иазгәеиҭеит зыӡбахә ҳәоу апроблема дацхраарц шилшо швеицариатәи аексперт.

Зальбер иара убасгьы аԥсуа ган ҭабуп ҳәа реиҳәеит асеиԥш иҟоу азҵаарақәа рылацәажәаразы аҭагылазаашьақәа ахьаԥҵоу азы.

Бзыԥтәи аиҩхааҟны ашыц ахәышәтәра - Sputnik Аҧсны
Ашыц ықәызхуа амцаԥшьхәаҷа Бзыԥҭатәи аиҩхаанӡа инаӡеит

"Сгәы иаанагоит ҳара иахьа аконструктивизмра ҳазааигәоуп ҳәа. Ииашаҵәҟьаны иҳаҩсыз араунд аманшәалара ацын. Уи араунд иаҳнарбеит аусеицура шҳалшо. Арегион аҟны ашәарҭадара азҵаарақәа ҳрылацәажәар ҳалшоит ҭынчла. Аҩбатәи аусуратә гәыԥ аҟны акультуратә ҭынхақәеи агәабзиарахьчареи, аҵареи рызҵаарақәеи аекологиа азҵаарақәеи аус рыдырулалоит", — иҳәеит Зальбер.

Изаамҭанытәиу аиҿцәажәарақәа XXXIII рраунд мҩаԥысраны иҟоуп 2015 шықәса ажьҭаара 6-7 рзы.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза инаркны, ЕС-и, ООН-и, ОБСЕ-и рыбжьаҟазарала. Аиԥыларақәа ирылахәуп Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Қырҭтәылеи, Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи рделегациақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0