Леуард Барцыц: адгьылҵысра ашьхарахь еиҳа иуныруан

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәа ахсаала
Аҟәа ахсаала - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахьа, цәыббра 14 рзы атәыла ауааԥсыра анырра рызҭаз адгьылҵысра асеисмологцәа икәадоуп ҳәа азгәарҭоит иҳәеит Леуард Барцыц.

АҞӘА, цәыббра 14 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ашәахьа, цәыббра 14 рзы ареспублика ауааԥсыра анырра рызҭаз адгьылҵысра 3,5 балл аепицентр аҟны ишьақәнартәон, Аԥсны агаҿаҟны уи амчра 2 баллк рҟынӡа инаӡон, ашьхарахь – 2,5 балл ҳәа адырра ҟаиҵеит ареспублика агидрометиомаҵзура аиҳабы Леуард Барцыц.

Сейсмограф. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аҟәа 3,5 балл амчхара змаз адгьылҵысра ҟалеит

"Ашьхараҟны, амонолиттә ҿысҭқәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҟны еиҳа иуныруан адгьыл аҵысра. Агәаанагара ҳамоуп иара Ермантәылеи Кавказ зегь иахьаҵанакуеи иуныррыртә иҟан ҳәа. Аепицентр амшын аҵаҿ иҟан, Новороссиск араион аҟны, агаҿа инаркны 40 километр рҟынӡа амшын иалагалан. Амшын ацәқәырԥара ахәылбыҽха, 6-7 сааҭ рышьҭахь еиҳа идухоит, аха шәарҭара ҟанаҵом", — азгәеиҭеит Барцыц.

Иара иажәақәа рыла, адгьылҵысра амч маҷын.

"Рихтер ишкала инақәыршәаны реиҳа ишәарҭоу адгьылҵысра ишьақәнаргылоит 12 балл. Адгьылҵысра еиҭаҟало, еиҟамло атәы аҳәара ҳалшом, уи иахьазы адунеи аҟны аӡәгьы азыԥхьагәаҭара изазуам", — иҳәеит Барцыц.

Ашәахьа, цәыббра 14, асааҭ 12 рзы ареспублика ауааԥсыра адгьыл аҵысра рнырит.

Ажәабжьқәа зегьы
0