Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа аҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит

© Фото : Пресс-служба МЧС РАСпасатели МЧС Абхазии приняли участие в совместных с Россией учениях
Спасатели МЧС Абхазии приняли участие в совместных с Россией учениях - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа рхы аладырхәит амцарцәаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи Жәларбжьаратәи рфорум. Афорум мҩаԥысуан цәыббра 11, Москватәи аобласт ақалақь Ногинск аҟны.

АҞӘА, цәыббра 14 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа ирылахәны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон амцарцәаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи Аҩбатәи Жәларбжьаратәи рфорум аҟны ҳәа Sputnik акорреспондент изааицҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Мизан Ломиа.

"Урыстәылеи Аԥсни реиқәырхаҩцәа реицҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Аԥснынтәи аиқәырхаҩцәа хәҩык. Афорум иара убасгьы иалахәын Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Молдова, Ермантәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәгьы аиқәырхаҩцәа. Асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рҵакы дууп. Аиқәырхаҩцәа рԥышәа еимырдоит, русураҟны иҟоу аҿыцрақәа ртәы иалацәажәоит", — иҳәеит Ломиа.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра: амцакра зыхҟьаз фымца еиҿҟьароуп

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Мизан Ломиа иажәақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа раан адырбан амцарцәареи, аԥшааратәии, авариа-еиқәырхаратәии усурақәа раан ахархәара змоу иҿыцу аинновациатә технологиақәа.

"Раԥхьаӡа акәны иҳарбан Урыстәылатәи МЧС аҟны рхы иадырхәо атехника ҿыцқәа рҿырԥшы", — иҳәеит Ломиа.

Мизан Ломиа инаҵшьны иазгәеиҭеит амцарцәаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи Аҩбатәи Жәларбжьаратәи рфорум аҳәаақәа ирҭагӡаны ишымҩаԥысыз аконференциа. Аконференциа ихы алаирхәит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

Афорум иалахәын 70 рҟынӡа тәыла рхаҭарнакцәа, ирылацәажәан амцарцәаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи жәларбжьаратәи русеицура азҵаарақәа. аминистррақәа рхадацәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ажәахәқәа ҟарҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0