Аҽырхәмарра-спорттә школ "Леон" аҟны жьҭаарамза инаркны аҵара иалагоит

© Sputnik Томас ТхайцукАҽырхәмарра-спорттә школ "Леон"
Аҽырхәмарра-спорттә школ Леон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион Ачадара ақыҭан, аҽырхәмарра-спорттә школ "Леон" аҟны аҽыбӷаҟазара аурокқәа ирылагоит ажьҭаарамза инаркны.

АҞӘА, цәыббра 19 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҟәа араион Ачадара ақыҭан аҽырхәмарра-спорттә школ "Леон" аҟны аҽыбӷаҟазара аурокқәа ирылагоит жьҭаарамза инаркны, иҳәеит ашкол аинструктор Руслан Ҭарба.

"Аҽыбӷаҟазара асекциаҟны ҩымз — нанҳәеи цәыббрамзеи рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагомызт. Жьҭаарамза ианалаго инаркны ахәыҷқәа разыҟаҵара хацҳаркуеит. Адуцәагьы арахь иааилар рылшоит" — иҳәеит иара.

Аҽы абзиабара аԥсуаа шәышықәсала ршьа-рда иалоуп ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.

Скачки - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Ихраҿа агаразы аҽырыҩра

"Ҳара ахаангьы аҽыбӷаҟазара ҳазыҟан. Иеиҵагылаз аҿар ракәзаргьы аҽқәа бзиа ирбоит. Уи атәы ҳара ишьахәны араҟа иаабоит. Мышкахьы ҩынҩажәижәабаҩык рҟынӡа анаҳзаауаз ыҟан", — иҳәеит иара.

Аҽықәтәара адагьы ахәыҷқәа итрадициатәу аҽыбӷаҟазара ддырҵоит. Аинструктор иажәақәа рыла, аҿар рыбжьара аҽықәтәара амацара акәымкәа еиуеиԥшым акробатикатәи агимнастикатәи триукқәа рымҩаԥгара еиҳа бзиа ибаны иалырхуеит.

"Аҽазыҟаҵарақәа рахь аҷкәынцәа роуп иааиуа. Аҵараан ҳара ҳхы иаҳархәоит ҳабацәеи ҳабдуцәеи рҿырԥшы. Еиуеиԥшым абаҩырҵәырақәа зегь бзиа еицырбоит. Иаҳҳәап ҽыла ушнеиуа ахылԥарч ашьҭкәыцәаара иазҟазахахьоу рацәоуп. Ҳара иаҳгәиҭоуп Аиааира амш иазку атурнир аҟны ақәгылара", — иҳәеит Ҭарба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ашкол анапхгара ишрыгәҭаку аконкур аурокқәа рымҩаԥгара. Аҵара мҩаԥыргоит мчыбжьык ахь фымш иҳәеит атренер. Ашәахьа — ԥсшьарамшуп. Ҭарба иажәақәа рыла, аҽырхәмарра-спорттә школ ахь инеир рылшоит жәашықәса зхыҵыз ахәыҷқәа.

"Ахәыҷы аҽы даиааиртә дыҟазароуп, иҩыр — иааникылозароуп. Аҽырхәмарра-спорттә школ ахь инеир рылшоит жәашықәса зхыҵыз ахәыҷқәа", — иҳәеит Ҭарба.

Жәиԥшь шықәса зхыҵуа Даниил Марантиди мызкоуп иҵуа ара иҽазыҟаиҵоижьҭеи. Ари аамҭала иара ииҵаз рацәоуп.

"Сара арахь сҩыза сааигеит. Иаразнак саланахалеит, уаанӡа ашьапылампыл ахь сахьныҟәозгьы саҟәыҵит. Есыҽны ашкол аҟынтә арахь саауеит, хәылбыҽханӡагьы ара сыҟоуп. Сыспотсменхар сҭахуп. Аҽы уажәшьҭа мап сзацәкуам", — иҳәеит иара.

Дәрыԥшь аҽырыҩра - Sputnik Аҧсны
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит атәыла ахада иаԥхьахә азы аҽырыҩра

Аҽықәтәара иатәу аспортхкқәа рҟны зегь реиҳа ихадоу амшәароуп, иҳәеит Даниил.

"Ара иҟоу аҽқәа зегьы сара бзиа избоит. Аҽы узыӡырҩырц азы, иҟауҵо уқәҿиарц азы — умшәароуп. Сара зны аҽы сканажьит, аха иаразнакы сҩагылан сызҿыз иацысҵеит. Убас ауп, аҽакала иауам", — иҳәеит иара.

Аԥсны раԥхьаӡатәи аҽырхәмарра-спорттә школ "Леон" еиҿикааит Адгәыр Ԥачалиа 2015 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0