Таривердиев ауарӷан азы ирҿиамҭақәа Пицунда иадырҳәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПицундский орган
Пицундский орган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Микаел Таривердиев ирҿиамҭақәа нарыгӡараны иҟоуп цәыббра 21, асааҭ 17:00 рзы Пицундатәи ауахәамаҟны.

АҞӘА, цәыббра 21 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аконцерт аҟны инарыгӡараны иҟоуп Таривердиев ауарӷан азы ҷыдала ииҩыз амузыка. Вера Таривердиева амузыкантцәа ирылҭеит анапылаҩыратә нотақәа. Урҭ рыла Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи иаздырхиеит абжьы азы аконцерт. Абри атәы ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Лука Гаделиа.

Апрограмма иалоуп Таривердиев иуарӷантә концерт "Кассандра".

"Шықәсқәак раԥхьа сара салахәын Микаел Леон-иԥа ихьӡ зхыз аицлабра. Иара иԥшәмаԥҳәыс Вера Таривердиева, иалылкаауаз алахәылацәа рзы иазлырхиаз аԥхьахә ҷыда сара исылҭеит. Убри инаркны ахы акит ҳара ҳаиҩызара. Пицунда Таривердиев ирҿиамҭақәа ирылху аконцерт амҩаԥгара сҭахуижьҭеи акыр ҵуан. Даара сеигәырӷьоит уи ахьалыршахо", — иҳәеит Лука Гаделиа.

Пицундатәи ауахәама - Sputnik Аҧсны
Пицунда имҩаԥган ауарӷан абжьи, авокали, апоезиеи ахьеилагӡаз аконцерт

Амузыкант иаҳзеиҭеиҳәеит Микаел Таривердиев ауарӷан азы амузыка шиҩыз Пицундатәи ауахәама данаҭаа ашьҭахь.

"Микаел Леон-иԥа асовет аамҭақәа рзы ԥсшьара ҳәа Аԥсныҟа даалон. Иара ара ирацәаны амузыка иҩуан. Вера исзеиҭалҳәеит Пицундатәи ауарӷан даназыӡырҩ ашьҭахь шакәу ари аинструмент азы амузыка аҩра даналагаз. Аурӷан 40-шықәса ахыҵра иазкны ҳара имҩаԥаагоит еиуеиԥшым аконцертқәа. уажәы ҳара иҳаӡбеит Микаел Таривердиев игәалашәара иазку ахәылԥаз мҩаԥаагарц, — ҳәа азгәеиҭеит Гаделиа.

Аконцерт мҩаԥысраны иҟоуп аурӷан 40-шықәса ахыҵра иазкны.

Ажәабжьқәа зегьы
0