Џьамал Гәбаз имаҵзура шьҭеиҵеит

© Sputnik Томас ТхайцукСтадион "Динамо".
Стадион Динамо. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьамал Гәбаз имаҵзура шьҭеиҵеит. Имаҵзура ашьҭаҵара мзызс иамоу атәы иҳәараны дыҟоуп жьҭаарамзазы имҩаԥысраны иҟоу апресс-конференциаҟны.

АҞӘА, цәыббра 21 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Џьамал Гәбаз хатәгәаԥхарала имаҵзура шьҭеиҵеит. Абри атәы иара ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит.

"Аколлектив абзиараз ҳәа раҳәаны сырԥырҵит. Смаҵзура ааныжьра амзызқәа ртәы апресс-конференциаҟны ирыласҳәоит", — иҳәеит Гәбаз.

Уаанӡа Џьамал Гәбаз аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа анапхгаҩы изаамҭанытәим иалхрақәа ареспубликаҟны ашьапылампыл асразы имҩаԥысуа ачемпионат анхыркәшахалак ашьҭахь имҩаԥысраны иҟоуп ҳәа. Асеиԥш аӡбра, жьҭаарамза алагамҭазы Аԥсныҟа ConIFA аделегациа аараны иахьыҟоу иадҳәалан.

Џьамал Гәбаз Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидентс дыҟоуп 2012 шықәса хәажәкырамза инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0