Аиааира амш аламҭалазы Аԥсны абираҟ Гәымсҭатәи амемориал иахәҭакхеит

© Sputnik Томас ТхайцукГәымсҭатәи амемориал
Гәымсҭатәи амемориал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира амшныҳәа аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Гәымсҭатәи Амемориал иахадыргылеит.

АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра аныҳәа аламҭалазы Гәымсҭатәи ацҳаҟны иҟоу амемориал иахадыргылеит.

Ақалақь асахьаҭыхҩы хада Руслан Габлиа ишеиҭеиҳәаз ала ари Аҟәа ақалақь Ахадара аусмҩаԥгатәқәа ируакуп.

"Абри аҭыԥ аҟны акәын иахьыҟаз аиҿагылара аҳәаа, убри азоуп араҟа изаԥҵахаз абаҟа. Иара иахәҭоу, иақәнагоу асахьа аҭатәуп аха уи ԥхьаҟатәи усуп", — иҳәеит Руслан Габлиа.

Иара ишазгәеиҭаз ала, аҳәынҭқарратә бираҟ абри аҭыԥ аҟны ақәыргылара иашоуп.

Гәымсҭа ацҳаҟны иҟоу Амемориал рызкуп 1993 шықәса цәыббра 16 рзы ацҳа иқәсны ақалақь иалалаз раԥхьатәиқәа, Афон-Ешыратәи абатальон аибашьцәа. 1993 шықәса цәыббра 27 рзы Аҟәа ақалақь ахы иақәиҭтәын. Ахақәиҭратә операциа мҩаԥысуан 11 уахи-ҽни.

Ажәабжьқәа зегьы
0