Пицунда рыԥсы ршьоит Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа

© Sputnik / Саида ЖибаВстреча с семьями погибших в Абхазии добровольцев
Встреча с семьями погибших в Абхазии добровольцев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рҭаацәа ԥсшьара иааԥхьоуп Пицундаҟа.

ГАГРА, цәыббра 27 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Есышықәса Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгара апрограмма инақәыршәаны, Нхыҵ-Кавказынтә ԥсшьара иаарыԥхьоит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рахьтә иҭахаз рҭаацәа. Убас, цәыббра 20 рзы Пицундаҟа ԥсшьара иааит 41-ҩык Ҟабарда-Балкариантәи асасцәа. Дара рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иҭахаз ранацәа, рабацәа, раҳәшьцәа, рашьцәа, рыхшара.

Нхыҵ-Кавказынтә иааз асасцәа ирԥылеит Пицунда ақалақь анапхгареи иҭахаз аибашьцәа ранацәа Пицундатәи Ассоциациа ахаҭарнакцәеи.

"Ҳара ҳзы игәахәара дууп иҭахаз рҭаацәа есышықәса рыдкылара. 22 шықәса раԥхьа Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла, Нхыҵ-Кавказынтәи иааз ҳашьцәа ҳавагыланы иҳалҳаршеит ҳтәыла аӷа иалцара, уи алагьы иҳауит ахақәиҭреи ахьыԥшымреи. Пицунда ақалақьи акурорттә еилазаареи рнапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит асасцәа рыԥсшьарамшқәа ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥысыртә. Пицунда ақалақьуаа рыхьӡала иҭахаз рҭаацәа иҭабуп ҳәа расҳәоит афырхацәа гәымшәақәа ахьырааӡаз", — иҳәеит Пицунда ақалақь аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алиас Аиба.

Иҭахаз аибашьцәа ранацәа Пицундатәи Ассоциациа алахәцәа есышықәса ирԥылоит хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рахьтә иҭахаз рҭаацәа. Иргәаладыршәоит рыхшареи аибашьра ахҭысқәеи.

"Ихьыԥшыму ҳтәыла шьаҿа-шьаҿа икәабоуп ҳаҷкәынцәа ршьала, ахә шәоуп аԥсҭбарала. Ҳара иҭахаз рҭаацәа аӡәкны ҳаидгылоуп. Иаҳзеиԥшуп ахшара ацәыӡра иацу ахьаа, иаҳзеиԥшуп агәырӷьара ду – Аиааира. Агәра згоит ари иԥшьоу Аиааира наунагӡа хадара змоу хҭысны Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы ишынхо", — ҳәа азгәалҭеит иҭахаз аибашьцәа ранацәа Пицундатәи Ассоциациа ахантәаҩы, зыҷкәыни зыԥшәмеи аибашьраҿы иҭахаз Зинаида Папцаа.

Ҟабарда-Балкариантәи иааз асасцәа рганахь агәцаракра аазырԥшуа Пицунда ақалақьи акурорттә еилазаара анапхгареи иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

"Ҳара акырӡа ҳаигәырӷьоит аԥсуа жәлар ҳахьырҳамшҭуа, есышықәса ааԥхьара ахьҳарҭо. Аԥсшьара анаҩс араҟа иҳамоуп алшара ҳгәабзиара ашьақәыргыларазгьы. Агәра ганы ҳаҟоуп ҳахшара баша ишҭамхаз. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳаибашьцәа адунеи зегьы иддырбеит Кавказ аешьаратә тәылақәа аӡәгьы дшырзымиааиуа. Аиааира амш рыдныҳәало аԥсуа жәлар ирзеиӷьаҳшьоит аҭынчра, аразра, ашәҭыкакаҷра", — ҳәа ацылҵеит аибашьраҿы иҭахаз, Леон иорден занашьоу Борис Ҭенгизов иан Ҭамара Ҭенгизова.

Ҟабарда-Балкариантәи иааз асасцәа рыԥсшьарамшқәа ирылагӡаны ирзеиҿкаахоит Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0