Аԥсуа ҵарауаа Лондонтәи аконференциа иалахәхоит

© Фото : Olympia Conference Centre Olympia Conference Centre London.
Olympia Conference Centre London. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Савели Ҷыҭанааи Едуард Гәбази ажәахәқәа ҟарҵараны иҟоуп Лондон имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аконференциаҟны.

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Аԥсуа ҵарауаа ажәахәқәа ҟарҵараны иҟоуп Лондон имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аконференциаҟны.

Ареспублика ахьӡала аконференциа иалахәхоит Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанааи Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аботаникатә аинститут адиректор Едуард Гәбази. Савели Ҷыҭанаа ишаҳзеиҭеиҳәаз ала, аконференциа аиҿкааҩцәа аԥсуа ботаникцәа хаҭала анаԥхьара рырҭеит.

"Сара ажәахә ҟасҵараны сыҟоуп жьҭаарамза 1 азы. Иара азкуп Аԥсны афлораҟны аинвазивтә ҵиаақәа" — иҳәеит иара.

Аконференциа еиҿыркааит аԥсабара аиуеиԥшымзаара ахьчаразы иқәԥо Европатәи, Мрагылара Ааигәатәи, Африкатәи ауаажәларратә еилазаарақәа. Иара мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 29 инаркны жьҭаара 2 рҟынӡа, Британиа ду аҳҭнықалақь Лондон, Аолимпиатә усутә центри, Аԥсабарадырра амузеии, Лондон аимпертә коллеџьи рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0