Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәа дыдирдырит аминистр ҿыц

© Sputnik Томас ТхайцукПредставление нового министра МВД.
Представление нового министра МВД. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара дыдирдырит аминистр ҿыц – аинрал-маиор Леонид Ӡаԥшьба.

АҞӘА, жьҭаара 9 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ахәаша, жьҭаара 9 рзы, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара дыдирдырит аминистр ҿыц – аинрал-маиор Леонид Ӡаԥшьба.

"Ааигәа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи ҳареи аицәажәара ҳаман. Даарак угәы иамыхәаша еицәажәаран. Агәрагара сҭахуп амилициа аусзуҩцәа зегьы абри аус ахь изааиз бзианы еилыркаауеит ҳәа. Иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны абри аилазаара анапхгараҟынгьы аԥсахрақәа ҟалароуп. Исҭахуп иҟаҳҵаз ззыҟаҳҵаз еилышәкаарц", — иҳәеит Аԥсны ахада.

Ҳаџьымба Беслан Ҳагба иусуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Беслан Ҳагба имаҵура аанижьит

"Уаанӡатәи анапхгаҩы иганахьала бзиарамзар акгьы сызҳәом. Иара араҟа аус иуанаҵы иҟаиҵаз маҷӡам. Иԥышәеи идыррақәеи ԥхьаҟагьы ахархәара шроуа агәра згоит", ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада дазааҭгылеит акриминогентә ҭагылазаашьа.

"Иахьа ҿыц министрс иҟалази сареи абри аганахьала аицәажәара ҳаман. Дарбанызаалак аӡәы ицәгьоура ианаҳажьраны ҳаҟам. Аҭагылазаашьа ҳнапахьы иаагароуп. Иахьа акриминалтә авторитетцәа аԥыжәара ргарц иаҿуп. Дара амилициа аусуцәа раасҭа еиҳахеит. Асеиԥш ҟалашьа амам", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Леонид Ӡаԥшьба иқәгылараҟны иазгәеиҭеит атәыла Ахадеи ажәлари ирҭаз агәрагара дшахаҵгыло: "Ҳара ҳус иашаны инаҳагӡалароуп. Агәрагара аҭак аҟаҵара улшароуп. Сара исылшо зегь ҟасҵоит", — иҳәеит Ӡаԥшьба.

Министр МВД Леонид Дзапшба. - Sputnik Аҧсны
Леонид Ӡаԥшьба Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр дҟаҵоуп

Абри ашьҭахь аминистр ҿыц аусбарҭа аилазаареи иареи реилацәажәара мҩаԥигеит.

Леонид Ӡаԥшьба, амилициа аинрал-маиор, диит 1961 шықәса жьҭаара 1 азы, Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан. Аҵара иҵон СССР Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Чебоксартәи амилициатә школ аҟны.

2010ш. цәыббра 22 рзы атәыла Ахада Идҵала Леонид Ӡаԥшьба Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп.

2011ш. жьҭаара 20 рзы Ӡаԥшьба имаҵзура аанижьуеит.

2014ш. ԥхынгәымзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас икандидатура ашәҟәы иҭаҩуп.

Леонид Ӡаԥшьба ибиографиа>>

Ажәабжьқәа зегьы
0