Аполитикатә партиа "Амцахара" ахантәаҩыс далхуп Алхас Кәыҵниа

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Кәыҵниа
Алхас Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитикатә партиа "Амцахара" изаамҭанытәим VI-тәи аизара ду аҟны аԥҟаԥҵәа рыдыркылеит, далырхит ахантәаҩы.

АҞӘА, жьҭаара 21 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аполитикатә партиа "Амцахара" изаамҭанытәим VI-тәи аизара ду аҟны аԥҟаԥҵәа рыдыркылеит, далырхит ахантәаҩы – Алхас Кәыҵниа ҳәа аҭыԥаҟынтәи иаҳзааицҳауеит ҳкорреспондент.

Апартиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаас иалхуп Рамаз Џьапуеи Беслан Гәымбеи.

"Апартиа апрограмма  апроект еизаз ирызцәыраагеит. Ахәшьара бзиа ауҭартә аусурақәа мҩаԥган. Апрограмма авторцәа дыруаӡәкуп  апартиа аполитхеилак алахәыла Анри Џьергьениа", — иҳәеит Гарри Саманба.

Џьергьениа адырра ҟаиҵеит "Аԥсны аҳәынҭқарра ахырхарҭа хадақәа" апрограмма 50 даҟьа ыҟоуп ҳәа. Иара иааркьаҿны далацәажәеит уа иарбоу. Апрограмма авторцәа рҽазыршәеит ареспубликаҟны ахархәара змоу аусхкқәа зегьы рылацәажәара.

Апартиа "Амцахара" изаамҭанытәим аизара ду Аҟәа имҩаԥысуеит

"Ҳара ҳҿаԥхьа иқәгылам ахықәкы – амчрақәа рыгхақәа раарԥшра. Аԥсҭазааратә ԥышәа амацароуп аиашареи аиашамреи аазырԥшырц зылшо. Ҳапроект аҟны ҳара ҳҽазаҳшәеит иҟоу апроблемақәа аҭыԥ рықәҵашьас ҳәа иаабо аарԥшра. Апроект аус адулара иалахәын еиуеиԥшым азанааҭуаа. Атәыла економикала аҿиара ахьынӡамам ишхьыԥшу иаанхоит. Ҳара Урыстәылатәи ацхыраара цәгьоуп ҳҳәом, аха уи ацхыраара иахьынӡахәҭаз еиԥш ҳекономика арҿиара изацымхырааит", — иҳәеит Џьергьениа.

Аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҟны имҩаԥысуеит  аоппозициатә партиа "Амцахара" аизара ду.

Ажәабжьқәа зегьы
0