Амитинг алахәылацәа атәыла Ахада Иусбарҭа рҽадрыԥхьалеит

© Sputnik Томас ТхайцукМитинг у администрации президента.
Митинг у администрации президента. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, Аҟәа имҩаԥысуан аоппозициатә партиа "Амцахара" аизара дуи иахьатәи атәыла анапхгара имҩаԥырго акурс адгылаҩцәа рмитинги. Ахәылбыҽха амитинг алахәылацәа атәыла Ахада Иусбарҭа рҽадрыԥхьалеит.

АҞӘА, жьҭаара 22 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахәылбыҽха амитинг алахәылацәа атәыла Ахада Иусбарҭа рҽадрыԥхьалеит ҳәа ааицҳааит аҭыԥ аҟны ийаз ҳкорреспондент.

Аида Чачхалиа - Sputnik Аҧсны
Аида Чачхалиаԥҳа: аоппозициаа рыдҵақәа ҵаҵӷәыдоуп

Урҭ азыԥшын апартиа "Амцахара" иаднакылаз арезолиуциа иаԥхьап ҳәа. Убри арезолиуциа инақәыршәаны апартиа алахәылацәа дҵаны иқәдыргылоит мышқәак рыла атәыла Ахада имаҵзура шьҭеиҵароуп ҳәа. Ус анакәымха "Амцахара" ажәлар реизара мҩаԥыргараны иҟоуп.

Аусбарҭа ахыбраҟни акәша-мыкәшеи аиҿкаара иахылаԥшуан амилициа аусзуҩцәа.

Аоппозициатә партиа "Амцахара" аизара ду хә-сааҭк инарзынаԥшуа ицон. Еиуеиԥшым адыррақәа рыла, аизара иалахәын х-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Иара убри аамҭазы адраматә театр аҿаԥхьа еизеит иахьатәи атәыла анапхгара рыдгылаҩцәа. Амитинг аҟны иазыԥхьаӡоуп ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа ауаа ыҟан ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0