Рауль Ҳаџьымба: сара 2019 шықәсанӡа смаҵура шьҭасҵом

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭыԥантәи афото
Аҭыԥантәи афото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба ддәылҵит атәыла Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз ауаа рахь.

АҞӘА, жьҭаара 22 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳәамҭа ҟаиҵеит имаҵура ааныжьра игәы ишҭам, ҳәа ааицҳаит аҭыԥ аҟны иҟаз ҳкорреспондент.

"Ауаа ирдыруазароуп атәылаҟны аҭагылазаашьа аԥсахра џьара аӡәы иҭахуп ҳәа ишзалмыршахо. Сара ишьҭасҵаз сҭоуба сеижьом. Исылшо зегь ҟасҵоит ҳажәлар рыԥсҭазаара еиӷьхарц. Уи ссылшап ҳәагьы агәаанагара сымоуп. 2019 шықәсанӡа аҿҳәара сымоуп, уаанӡа смаҵура шьҭасҵарангьы сыҟам", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аида Чачхалиа - Sputnik Аҧсны
Аида Чачхалиаԥҳа: аоппозициаа рыдҵақәа ҵаҵӷәыдоуп

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра иалшо зегь шыҟанаҵалаша афинанстә план аганахьала аӡәы ихьыԥшымкәа аҟазааразы, убри азы иахәҭоу аусқәа зегьы еиҿнакаалароуп ҳәа.

"Ҳара иаҳҭахуп иаԥаҳҵарц убасеиԥш аҭагылазаашьақәа – аҳәынҭқарра аинститутқәа зегьы аус руртә еиԥш", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Апарламент адепутат Даур Аршба  даԥхьеит аполитикатә партиа "Амцахара" аизара ду аҟны ирыдыркылаз арезолиуциа.

Уи инақәыршәаны  аизара ду алахәылацәа иахьатәи атәыла анапхгаҩы Рауль Ҳаџьымба игәра ргом, иаарласынгьы ԥхьатәара дцароуп ҳәа рҳәоит. Иара убасгьы Апарламент иадырҵеит  атәыла Ахада иалхра ҿыцқәа еиҿнакаарц. Ҳаџьымба иарҳәаз мышқәак рыла дақәымныҟәар, дара ажәлар реизара шымҩаԥырго атәгьы рҳәеит.

Занҭариа: шықәсык ала атәыла анапхгара рылшамҭақәа маҷӡам

Атәыла Ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа даԥхьеит иахьатәи анапхгара рыдгылаҩцәа рмитинг аҟны ирыдыркылаз арезолиуциа. Уаҟа иаҳәоит Рауль Ҳаџьымба атәыла Ахадас иҟазаара аамҭазы еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны ақәҿиарақәа шыҟоу.

Ахашаҽны, аҳҭнықалақь астадион аҟны имҩаԥысит аоппозициатә партиа "Амцахара" изаамҭанытәиим аизара ду.

Иара убри аамҭазы адраматә театр аҿаԥхьа еизеит иахьатәи атәыла анапхгара рыдгылаҩцәа.

Аоппозициатә партиа "Амцахара" аизара ду хә-сааҭк инарзынаԥшуа ицон. Аусмҩаԥгатәқәа рыҩбагьы иааидкылан ф-нызқьҩык рҟынӡа ауаа еизыргеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0