Апроект ҷыда Аԥсуа бызшәа амш иазкны

© SputnikПроект Комитета по делам молодежи "Аҿар, аԥсышәала шәцәажәала!"
Проект Комитета по делам молодежи Аҿар, аԥсышәала шәцәажәала! - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Аҿар аԥсышәала шәцәажәала!" аҳәаақәа ирҭагӡаны ауснагӡатәқәа ашықәс зегьы имҩаԥыслоит.

АҞӘА, жьҭаара 26, Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аҟәа ақалақь Ахадара аҿар русқәа рзы Аилак ихацнаркит апроект ҿыц "Аҿар, аԥсышәала шәцәажәала!". Уи аҿар ааԥхьара рнаҭоит рхатәы бызшәала ицәажәаларц. Апроект аусура иалагоит жьҭаара 27  - Аԥсуа бызшәа амш аҽны.

Аԥсуа бызшәа арҿиара афонд иҭнажьыз ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Ҩаԥхьа абызшәа апроблемахь: аԥсшәа ахьысҳахара ашьаҭа абаки?

Аилак азанааҭуаҩ хада Есма Кәыҵниаԥҳа ишаҳзеиҭалҳәаз ала адизаинерцәа иаздырхиеит  абаннерқәа, афишақәа, ақәырҷабқәа рҟны иркьыԥхьуа амакетқәа. Аилак аусзуҩцәа иазыԥхьагәарҭоит аҿаргьы урҭ рызшара. Ауаажәларратә транспорт аныҟәцаҩцәа агитациатә қәырҷабқәа равтомашьынақәа рҟны икыдырҵоит.

Ашколтә ԥсшьарамшқәа анынҵәалак, абҵара 2 рзы ашколқәа рҟынгьы иалагоит апроект амҩаԥгара ҳәа азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.

"Ҳара ахәыҷқәа ирзаҳшоит ашәҟәыгәлаҵақәа, иқәҳаргылоит ахаҿазы аҭыԥ ахьҭаԥҟо афотопанноқәа – ататамарессақәа. Урҭгьы ирнаҳҵоит ааԥхьарақәа – хатәы бызшәала ацәажәаразы", еиҭалҳәоит Есма Кәыҵниаԥҳа.

Аҿар рзы аилак гәҭакны иамоуп абри апроект ахархәарала аҽазныкгьы ахатәы бызшәа ала ишцәажәатәу агәаларшәара.

"Ҳара аҿар зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит.  Абызшәа ҳара ҳбеиароуп, ҳҭоурых ауп, ҳкультура ауп. Урҭ ахаангьы ирхамшҭуазароуп рхатәы бызшәала ацәажәара рызҭаз азин аԥсҭазаарақәа шахынҵоу", — лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Абаннерқәа ҳәарада аԥсышәала ацәажәара иаладыргом аха абри аганахьала аусура ԥхьаҟагьы иацҵахоит. Еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа абри апроект ала  ашықәс зегьы имҩаԥгахалоит.

© Sputnik Леон ГунияАԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа

Ажәабжьқәа зегьы
0