Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахада адиаспора далырхуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукФлаги.
Флаги. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 8 рзы Сҭамбул имҩаԥысраны иҟоуп Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахада иалхра.

АҞӘА, жьҭаара 26, Sputnik. Асҭанда Арӡынԥҳа. Абҵара 8 рзы Сҭамбул имҩаԥысраны иҟоуп  Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахада иалхра ҳәа  ҳзааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу  Аԥсны азинмчратә хаҭарнак Инар Гыцба.

Аиҿкаара ахантәаҩыс зкандидатура ықәгылоу аӡәы заҵәык иоуп – абаза, Аҳмаҭ Хапат (Джеилан). Иара дыруаӡәкуп ари Афедерациа аԥшьгаҩцәа ҳәа азгәеиҭеит Гыцба. 2010 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа Аҳмаҭ Хапат Афедерациа амаӡаныҟәгаҩ хадас дыҟан. Иахьатәи аамҭазы  аус иуеит  аиҿкаараҟны иҟоу  Ахылаԥшратә хеилак анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩыс ҳәа ациҵеит иара.

"Аҳмаҭ Хапат Ҭырқәтәыла иҟоу ҳадиаспора активла аус зуа дреиуоуп.  Сгәы иаанагоит  адиаспора рыбжьара уи икандидатура гәаҳәарыла ирыдыркылоит ҳәа", — иҳәеит Гыцба.

Иара иажәақәа рыла адиаспора акырӡа Хапат иқәгәыӷуеит аԥсуа культуратә центрқәа рыбжьара иҟоу аилибамкаарақәа рҭыԥ иқәиҵап ҳәа, иара убасгьы адиаспореи Аԥсни рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәара илиршап ҳәа – иҳәеит Гыцба.

"Афедерациа шьақәгылоуп 13 культуратә центр рыла, урҭ зегьы дасу, абжьы рыманы, рхатәы хаҭарнакцәа  Афедерациахь инарышьҭуеит. Иарбоу амш аҽны Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа изаамҭанытәиу аизара мҩаԥысуеит  Стамбул ақалақь аҟны. Абраҟоуп аделегатцәа рыбжьыҭира ахьымҩаԥысуа", — еиҭеиҳәоит Гыцба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ахантәаҩы ишеиҿикаауа, 21-ҩык злахәу анапхгара алахәылацәа ҿыцқәа рсиа.

"Раԥхьаӡа акәны ахантәаҩрахь акандидат ихаҭа  анапхгара алахәылацәа рсиа еиҿкааны ирыдигалоит. Уаанӡа акультуратә центрқәа ракәын зхаҭарнакцәа назышьҭуаз. Аҳмаҭ Хапат иҟаиҵаз асиа макьаназ  иҳамбац, аха уажәтәи аамҭазы акандидатурақәа ирылацәажәоит", — иҳәеит Гыцба.

Иахьатәи ахантәаҩы Ченгиз Коч Ашәба иазгәеиҭеит икандидатура шықәимыргыло.

Гыцба иаҳгәалаиршәеит Афедерациа 2010 шықәса рзы ишышьаҭаркыз. Хықәкны иаман Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа реидкылара, аԥсуа бызшәеи акультуреи реиқәырхара.

"Аиҿкаара шьаҭаркын хә-культуратә центрк рыла. Иахьа урҭ рхыԥхьаӡара 13 рҟынӡа инаӡеит. Иахьазы Ҭырқәтәыла иҟоу акультуратә центрқәа зегьы Афедерациа иалахәылоуп. Ахантәаҩы ес-ҩышықәса далырхуеит", — ҳәа азгәеиҭеит адипломат.

Абҵара анҵәамҭазы иазыԥхьагәаҭоуп Ҭырқәтәыла иҟоу адиаспора аидкылара иацхраауа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы иалхра иҳәеит Гыцба.


Ажәабжьқәа зегьы
0