"Liedkunst" аҟазара ахәаԥшцәа идлырдыруеит Алиса Гыцԥҳа

© Фото : сайт Алисы ГицбаАлиса Гицба. Архивное фото.
Алиса Гицба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцԥҳа Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Иана Иваниловеи ықәгылараны иҟоуп Москватәи аконсерваториа Маиаковски ихьӡ зху Аконцерттә зал асценаҟны ахәаша, абҵара 6 рзы.

АҞӘА, абҵара 5, Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны жәлар рартистка АлисаГыцԥҳа Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Иана Иваниловеи ықәгылараны иҟоуп Москватәи аконсерваториа Маиаковски ихьӡ зху Аконцерттә зал асценаҟны ахәаша, абҵара 6 рзы, абонемент "Аромантикатә ашәа аҟазара "Liedkunst" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри атәы ҳзаалыцҳаит Алиса Гыцԥҳа.

Лара лажәақәа рыла аконцерт аҟны инарыгӡараны иҟоуп Роберт Шуман ирҿиамҭақәа иара убасгьы егьырҭ акомпозиторцәа рвокал-камератә рҿиамҭақәа.

"Аконцерт далахәхоит сҩыза, ашәаҳәаҩ Иана Иванилова. Акомппониаторс дыҟоуп  Москватәи аконсерваториа апрофессор Светлана Бондаренко", — лҳәеит ашәаҳәаҩ.

Абонемент "Аромантикатә ашәа аҟазара "Liedkunst" уажәы имҩаԥысуа аҩбатәи асезон ауп лҳәеит Гыцԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0