Ақалақь иалоу иҭынхадоу арахә анырхлоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрахә амҩаду иануп
Арахә амҩаду иануп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аламҭалаз Аҟәа ақалақь Ахадара нап адыркит иҭынхадоу арахә амҩадуқәа рҟынтә ақәгара.

АҞӘА, абҵара 11 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Иҭынхадоу арахә рганахьала арадикалтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара шхымԥадатәиу атәы иҳәеит Аҟәа ақалақьтә еизара аилатәараан ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Тҟьебучаа.

Иара ажәалагала ҟаиҵеит усеиԥш иаанкылахо арахә ашьырҭахь инагазарц. Ахада ихаҭыԥуаҩ агәаанагара имоуп абри азҵаараҟны ақалақьтә еизара алахәылацәа адгылара ҟарҵап ҳәа.

"Ақалақьтә еизара арахә зтәу ахараԥса рықәҵара адагьы дара арахәгьы ашьырҭахь рынашьҭразы ақәҵара рыдыркылар, ақалақь Ахадара азыхиоуп уи азы иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәа реиҿкаара", — иҳәеит иара.

Ақалақь Ахадара абри азҵаараҟны аиҿкаарақәа рымҩаԥгара иазыхиоуп иҳәеит Тҟьебучаа.

"Аҳҭнықалақь арахә рҳәырҭа аиԥштәра аӡәгьы азин имам. Ажәқәа, аҽқәа егьырҭ аԥстәқәа аиҭаҳатәқәа ахьыԥхасҭартәуа адагьы амҩақәа рҟны ашәарҭаратә ҭагылазаашьақәа аԥырҵоит", — иҳәеит  Тҟьебучаа.

Атепина: алақәа ақьафурҭақәа рҿы акрырфоит, асасаирҭақәа рыҟны инхоит - Sputnik Аҧсны
Атиопина: алақәа ақьафурҭақәа рҿы акрырфоит, асасаирҭақәа рыҟны инхоит

Ақалақьтә еизара адепутат Аԥсырҭ Конџьариа иазгәеиҭеит, иҳәоу шиашоугьы, ахараԥса аиҳатәра еиҳа еиӷьны ишазгәеиҭо.

"Иаанкылоу арахә мчыбжьык ашьҭахь иара ахәԥса инаӡо ахараԥса ахшәааны изтәу имгар, ашьырҭахь ашьҭрагьы ауеит", — иҳәеит адепутат.

2016 шықәса рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп Ашьапылампыл азы адунеитә чемпионат. Ақалақь  ари ауснагӡатә иақәшәо иҟазароуп. Арахәгьы ақалақь аҟны ирҭыԥым иҳәеит Конџьариа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит адепутатцәа ари азҵаара иазыхынҳәраны иҟоуп абҵара 12 рзы.

Иахьатәи аамҭазы  иҭынхадоу арахә раанкылара рнапы иануп  амуниципалтә унитартә наплакы аусзуҩцәа. Ахараԥса 1500 мааҭ артәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0