"Афонд Аԥсны" Гьаргь Торчуа ихәышәтәра 200 нызқь мааҭ аԥара азоунажьит

© Foto / Сырма Ашәԥҳа"Афонд Аԥсныи" афонд "Ашанеи" реиԥылара. Аҭыԥантәи афото
Афонд Аԥсныи афонд Ашанеи реиԥылара. Аҭыԥантәи афото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" Гьаргь Торчуа ихәышәтәразы афонд "Ашана" 200 нызқь мааҭ аԥара ахыԥхьанаӡалеит.

АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. "Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны" ДЦП-ачымазара змоу Гьаргь Торчуа ихәышәтәразы 200 нызқь мааҭ аԥара агәыҳалалратә фонд "Ашана" иахыԥхьанаӡалеит.

Иахьа, абҵара 18 рзы, "Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны" ахада Сонер  Гогәуа, акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ахаҭарнакцәа рнапаҿы ириҭеит, афонд 200 нызқь мааҭ аԥара шахыԥхьаӡалоу азы аршаҳаҭга.

"Ҳара зегь раԥхьаӡа иргыланы иаҳҭахуп ҳхәыҷқәа агәабзиара рыманы ирызҳаларц. Убри азы,  ҳусура ахырхарҭақәа зегьы уаҵәтәи ҳԥеиԥш аиӷьтәроуп изызкыу. Аԥхьаҟа,  убас еиԥш иҟалар алшоит, ацхыраара заҳҭо арҭ ахәыҷқәа, Аԥсны иахьӡырҳәаганы иазгылар, Ҳҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы рхатә лагала  ҟарҵар. Убри азы, иҳалшо агәыҳалалра ааҳарԥшырц ҳҭахыуп", – иҳәеит Сонер Гогәуа.

Згәабзиара уашәшәыроу Гьаргь хәыҷы иан, Шьазина Гамсаниаԥҳа, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа даара ҭабуп ҳәа иалҳәеит иҟаиҵаз ацхырааразы.  Илҳәеит ари ахҭыс дара рзы даара акыр шаҵанакуа. Иаарласны, ахәыҷы ихәышәтәразы  Москватәи ахәышәтәырҭахь ишцо.

© Фото : Шьазина ГамсаниаԥҳаГьаргь Торчуа
1/2
Гьаргь Торчуа
© Фото : Шьазина ГамсаниаԥҳаГьаргь Торчуа
2/2
Гьаргь Торчуа
1/2
Гьаргь Торчуа
2/2
Гьаргь Торчуа

"Ҳара мызқәак раԥхьа афонд "Ашана" ахь арзаҳал алаҳҵеит, ҳхәыҷы ихәышәтәразы цхыраара хәыҷык ҳауазар ҳәа. Хара имгакәа уантә аҭел иаҳзасны ажәабжь ҳарҳәеит, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ҳгәаҳәара рыбжьы шақәдыргаз. Аиҿкааратә усқәа ирхаҵгылаз афонд "Ашана" ҳҭаацәа рганахь ала ҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахыуп", – ҳәа азгәалҭеит ахәыҷы иан.

Афонд "Ашанеи" "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи" аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Аршаҳаҭга аҭараан имҩаԥысыз аиԥылара иалахәыз акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ахаҭарнак Мактина  Џьынџьалԥҳа дазааҭгылеит  рфонд имҩаԥнаго аусура атәы.  Ҳазҭагылоу аамҭазы, Аԥсны, ахәыҷ чымазаҩцәа рхыԥхьаӡара  акыр ишырацәоу. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны", урҭ рыхәышәтәразы иаанарԥшуа адгылареи, ацхыраареи рзы ҭабуп ҳәа ралҳәеит.

Абасала, Гьаргь хәыҷы хара имгакәа иҭаацәа дрыманы аҽыхәышәтәразы Москваҟа амҩа иқәлоит.

Нанҳәамзазы "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуеи акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор  Џьевеира Колосовеи  аԥхьаҟатәи русеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит.  Уаҟа ишазгәаҭоу ала, шықәсык аҩныҵҟа, ДЦП ачымазара змоу ԥшьҩык ахәыҷқәа "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахьӡала афонд "Ашана" иахыԥхьаӡалахоит 800 нызқь мааҭ аԥара. Раԥхьатәи ацхыраара  лыҭан ахәыҷ чымазаҩ Лиана Даӷәыз. Уи алшара лоуит Москватәи атехнологиатә медецинатә институт  аҽыхәышәтәра ацара.

Ажәабжьқәа зегьы
0