Даниель Ашәба ихәышәтәразы 400 000 мааҭ аҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДаниель Ашәба.
Даниель Ашәба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәашықәса зхыҵуа, ахәыҷ дабла чымазара змоу, Даниель Ашәба ихәышәтәразы аԥареизгара хацыркуп. Ахәыҷы ихәышәтәразы иаҭахуп 400 000 мааҭ.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Жәашықәса зхыҵуа Даниель Ашәба ахәыҷтәы дабла имоуп. Ахәыҷы ичымазара шьақәдыргылеит ихьшәаны, хышықәса анихыҵ ашьҭахь, ҳәа ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа.

Италиа арратә хор ашәаҳәаҩцәа Афонд "Ашана" азы аԥара еизыргеит

Ҳара Даниель ҳиабадырит Аҟәатәи арҽеиратә школ аҟны. Иара уаҟа аԥшьбатәи акласс аҟны аҵара иҵоит. Ҳара аԥхьара аурок амҩаԥысраан ҳнеиит. Даниель ичымазара иахьмырԥшыкәа даара иаарту, ацәажәара бзиа избо хәыҷуп. Гәахәарыла Александр Пушкин ирҿиамҭақәа ҳзеиҭеиҳәон. Арҵаҩы лызҵаарақәа рҭак ирласны иҟаиҵон, философ хәыҷык иеиԥш ауаҩԥсы инапала иҟаиҵар зылшо атәы далацәажәон.

Ҳҿаԥхьа хьаак змаӡам, аԥхьара, асахьаҭыхра, ашьапылампыл асра бзиа избо ахәыҷы дтәазшәа ихы мҩаԥигон.

Ашәаа рҭаацәара ашә иаалагылеит арыцҳраа Даниель хышықәса анихыҵуаз. Аҳақьымцәа ахәыҷтәы дабла имоуп ҳәа ишьақәдыргылеит.

Иан иаразнакы Краснодарҟа дылгеит. Иара убраҟоуп Даниель фышықәса анихыҵуаз иармашьапы ахьԥырҟаз. Аоперациа ашьҭахь игәабзиара еиҳа еиӷьхеит аха иныҟәашьа ҭышәынтәалан изыҟамлеит.

"Уажәы Даниель жәашықәса ихыҵуеит. Иара еизҳарала иҩызцәа дрыҵахоит, маҷк дцыркьуеит. Ҳәарада уи иԥсеиԥш иибо акәашараҟны иԥырхага дууп. Ахәыҷы Аҟәатәи ариашаратә школ ахь дныҟәоит. Аԥшьбатәи акласс аҟны дтәоуп. Аҵара шицәыуадаҩугьы илшо зегь ҟаиҵоит", ҳәа ҳзеиҭарҳәеит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аҟны.

Ахәыҷ иан Нварда Арзуманиан еиҭалҳәоит Даниель дгәырӷьаҵәа ашкол ахь дышцо, асахьаҭыхра, аџьа аурокқәа рахь дышнеиуа, даара бзиа ишибо амузыка ҳәа.

"Артур Лакырба инеигӡо ашәа "Аԥсны – сара сан" лассы-лассы иҳәалоит. Угәы ухьуеит акәашара иҽаназикуа, аха ихы имч ақәымхакәа данкаҳауа. Иблақәа ҭраа адәаҟны ампыл еимкәызцәаауа ахәыҷқәа данрыхәаԥшуа. Сара сзы зегьы иреиҳау – схәыҷы игәабзиароуп, дыҩуа, дыԥо, иҩызцәа реиԥш ампыл дасуа адәы дықәны, уаҩ изымычҳауа агәырҩа иблақәа ирхызымбаало иҟалароуп", — лҳәоит лара.

Ан лажәақәа рыла Даниель ашьапылампыл бзиа ибоит.

"Даниель заа еиликааит егьырҭ ахәыҷқәа дышреиԥшымыз. Хәышықәса ихыҵуан "ашкол ахь ацара уазыҟаҵатәуп" ҳәа аниасҳәа "сара зегьы среиԥшым" ҳәа аҭакс иансиҭаз. Ишьапы дзыхгыломызт, даара иубартә дцыркьуан", — лҳәоит Нварда Арзуманиан.

Агәыҳалалратә фонд аҟны ирҳәоит Даниель уажәы ицхраамзар, ушьҭан, ибаҩқәа еиҳа ианыӷәӷәахалак рҭыԥ ақәҵара еиҳа иуадаҩхоит ҳәа.

"Даниель аиҭашьақәыргыларатә курс дахысроуп. Иара ишьҭалара хықәкны иамоу – иныҟәашьа аҭышәныртәалареи, аматорика маҷ аизырҳареи, иемоциатәи иуаҩытәыҩсатәи ҭагылазаашьеи рыцхраара роуп", — рҳәеит Амедицинатә технологиақәа Москватәи ринститут аҟны.

Лиана Даӷәуз лыхәышәтәразы "Ашана" иахыҧхьаӡалоуп 200 000 мааҭ аҧара

Агәыҳалалратә фонд аҟны ирҳәоит ахәыҷы иҭаацәа рзы иахәҭаны иҟоу аԥара зегьы аизгара шрылымшо. Ахәыҷы ҩышықәса анихыҵ инаркны иан лымацара иааӡара даҿуп.

Даниель Ашәба ицхырааразы, Аԥсны аҭелтә еимадара абонентцәа афонд "Ашана" абаланс ахь аԥарақәа риагара рылшоит: аҭел аҟны *147* ииажәго аԥара # аҭел асра акнопка. Ииажәгар алшоит 30 мааҭ инаркны 500 мааҭ рҟынӡа мышкы. Мамзаргьы СМС аномер 5050 ахь иаашәышьҭыр шәылшоит — ажәа АГӘЫҲАЛАЛРА ма DOBRO ҳәа арбаны, знык иаашәышьҭыз СМС 20 мааҭ иаԥсоуп. Иара убас абанктә ииагара: "Гарант-банк" ма "Сбербанк" аҟәшақәа рыла аԥара нашәышьҭыр шәылшоит. Ахәыҷқәа шәызларыцхырааша егьырҭ амҩақәа ртәы еилышәкаар шәылшоит Афонд аҭел 222 50 50 ала мамзаргьы асаит www.ashanakbf.com аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0