Арӡынба ишықәс хзыркәшоз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Гәылрыԥшь

© Sputnik Астанда АрдзинбаАрӡынба ишықәс хзыркәшоз аныҳәатә концерт Гәылрыԥшь.
Арӡынба ишықәс хзыркәшоз аныҳәатә концерт Гәылрыԥшь. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арӡынба ишықәс хзыркәшоз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Гәылрыԥшь араион аҟны ахәаша, ԥхынҷкәын 18 рзы.

ГӘЫЛРЫԤШЬ, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ишықәс хзыркәшоз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Гәылрыԥшь араион аҟны ахәаша, ԥхынҷкәын 18 рзы.

Арӡынба изкны ахырқәшаратә иубилеитә хәылԥазы мҩаԥысит Бзыԥҭа

Ахәылԥаз апрограмма иалахәын Гәылрыԥшь араион ашколқәа 15 рҵаҩцәа, ауснагӡатә исасцәаны иаҭаан араионтә еизареи араион ахадареи рхаҭарнакцәа, лҳәеит Гәылрыԥшь Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Еҭери Мерцхәылааԥҳа.

"Ашықәс иҭагӡаны араион ашколқәа зегь рҟны имҩаԥысуан еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа Владислав Арӡынба изкны", — ҳәа еиҭалҳәоит Мерцхәылааԥҳа.

Араионтә Еизара ахантәаҩы Игор Амқәаб иажәақәа рыла, ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҟны Арӡынба ихә ашьара акыр иуадаҩуп.

"Иара илиршеит аиааира, аибашьра ашьҭахь аҳәынҭқарратә институтқәа рышьақәыргылара", — ҳәа азгәеиҭеит Амқәаб.

Аконцерт аҟны инагӡан аестрадатәи жәлартәи ашәақәа, аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа, аԥсуа кәашарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0