Ҳаџьымбеи Суркови еиԥылеит

© Sputnik Томас ТхайцукҲаџьымбеи Суркови реиԥылара. Аҭыԥантәи афото.
Ҳаџьымбеи Суркови реиԥылара. Аҭыԥантәи афото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент ицхырааҩ Владислав Сурков Аԥсны официалтә визитла даҭаан дыҟоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владислав Сурков Аԥсны официалтә визитла даҭаан дыҟоуп. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны еиԥылеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи иареи.

"Ҭабуп ҳәа сҳәар сҭахуп имҩаԥгоу аконструктивтә усуразы. Владимир Владимир-иԥа Путин ихьӡала асалам шәысҭоит, азеиӷьашьара дуқәа ацҵаны", — иҳәеит Сурков.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа аҵак ду рыманы иҟоуп, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

"Ишьақәгылан иҟоу аизыҟазаашьақәа шаҳаҭра руеит ашәарҭадареи, аекономикатә ҿиареи русхк аҟны ҳаинырра иҿыцу аҩаӡарахь ииасны иҟоуп. Ҳара иаадыруазароуп аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз ганк аҳасабала аҭакԥхықәра ҳадны ҳшыҟоу. Даара аҵак ду ҳзаманы иҟоуп урҭ рынагӡара", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Ажурналистцәа аламырхәыкәа Рауль Ҳаџьымбеи Владислав Суркови рхала еицәажәон. Дара алацәажәон 2016 шықәсазтәи аусеицура апланқәа, ҳәа ҳзаанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

Владислав Сурков. - Sputnik Аҧсны
Владислав Сурков Аԥсныҟа даараны дыҟоуп

Атәылақәа ҩба рыбжьара Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра Урыстәылеи Аԥсни рхадацәа рнапы аҵарҩит 2014 шықәса абҵара 24 рзы. Аԥсны Апарламент аратификациа азнауит 2014 шықәса ԥхынҷкәын 22 рзы, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә дума – 2015 шықәса ԥхынҷкәын 23 рзы. 2015 шықәса хәажәкыра 5 рзы, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аиқәшаҳаҭразы аратификациатә шәҟәқәа реимдара ацеремониа анымҩаԥыс ашьҭахь ари адокумент азинмчра аиуит.

Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит ашәарҭадареи, атәылахьчареи рзеиԥш ҳәааркыра аиҿкаара, иаку акомандаҟаҵара анапаҵаҟа иҟало Аԥсни Урыстәылеи еидҵоу рырратә гәыԥқәа раԥҵарагьы абрахь иналаҵаны.

Аиқәшаҳаҭра иара убасгьы иазырхоуп асоциалтә стандартқәа рышьҭыхра: асоциалтәи амедицинатәи ԥгаԥсеи, атәанчахәытә еиқәыршәареи, аҵареи, аҭҵаарадырреи, агәабзиарахьчареи русзуҩцәа аамҭа-аамҭала рулафахәы Урыстәыла Аладатәи Афедералтә округ аҩаӡараҟынӡа инагӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0