Илеиз асы иахҟьаны жәаҩыла ауаа аахақәа роуит

© Sputnik / Томас ТхайцукАреспубликатә хәышәтәырҭа.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 30 инаркны ажьырныҳәа 11 рҟынӡа Ареспубликатә хәышәтәырҭахь иадҵаалеит 54-ҩык ауааԥсыра еиуеиԥшым аахақәа рыманы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Ԥхынҷкәын 30 инаркны ажьырныҳәа 11 рҟынӡа Ареспубликатә хәышәтәырҭахь иадҵаалеит 54-ҩык ауааԥсыра еиуеиԥшым аахақәа рыманы иҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Воуба.

"Ԥхынҷкәын 30 инаркны ажьырныҳәа 11 рҟынӡа Ареспубликатә хәышәтәырҭахь идҵаалеит 54-ҩык ауааԥсыра еиуеиԥшым аахақәа рыманы. Урҭ рахьынтәи 12-ҩык авариақәа рышьҭахь, 3-ҩык аҽшьра иацәындырхаз, аӡәы абџьартә хәра иманы", — иҳәеит Воуба.

Иара иажәақәа рыла ҵыԥх уажәааны ахәышәтәырҭахь идҵаалеит 45-ҩык ауааԥсыра.

Ажьырныҳәа 3 ауыха асы рацәа леиит. Аҳауа хьшәашәахеит — 4˚С рҟынӡа.

Ареспубликатә трасса Аҟәа-Ԥсоу акәзар аҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы иаанкыламызт. Аиҳарак ашәарҭара ыҟан Аҩада Ешыреи Мысреи иахьрыҵаркуаз.

Илеиз асы иахҟьаны афымцатәҳа аԥхасҭара инамаданы аамҭа-аамҭала Гәдоуҭеи, Гагреи, Аҟәеи араионқәа рҟны афымца дырцәон.

Анаплакы апресс-маҵзура аинформациала афымцарцәара аамҭа сааҭк инаркны сааҭки бжаки рҟынӡа инеиуан. Аамҭа афымцаҳа иауа ахьанҭара иаҿдырԥшуан.

Илеиз асы мзызс ироуит еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны амашәырқәа. Иажәхьоу афымцаҳақәа ирылымшеит ирықәҳаз аидара ашьҭыхра. Аусуҩцәа рымчала еиҭашьақәдыргылеит ԥшьынҩажәа процент инареиҳаны аԥхасҭа змоу афымцаҳақәа. Иаарласнгьы иалыршахоит абжьааԥны еиԥш афымцамч ауааԥсыра рзынашьҭра.

Ажәабжьқәа зегьы
0