"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аҿы аиԥылара мҩаԥысит

© Foto / Сырма Ашәԥҳа"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аҿы имҩаԥысыз аиԥылара.
Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны аҿы имҩаԥысыз аиԥылара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭалаз ашықәс раԥхьатәи амзазы "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" имҩаԥнагеит ишьақәыргылоу аструктурақәа рхадацәа злахәыз аусуратә еизара.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 — Sputnik Сырма Ашәԥҳа. Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ҳазҭалаз ашықәс раԥхьатәи амзазы имҩаԥнагеит  ишьақәыргылоу аструктурақәа рхадацәа злахәыз аусуратә еизара. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа, аиԥылара аартуа инарҭбааны иазгәеиҭеит 2015 шықәса иалагӡаны афонд имҩаԥнагаз, еиҿнакааз аусурақәа ртәы. Иара убас, иааидкыланы афонд иартәаз ахарџь.  

Афонд "Аԥсны" иаҧнаҵаз апремиа "Ахьӡырҳәага" алҵшәақәа еилкаауп

2016 шықәса рзы, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аструктуратә еилазаара иалагалоуп аиҭакрақәа. Убри инақәыршәаны, афонд ахада ихаҭыԥуаҩыс дшьақәырӷәӷәоуп,  жәларбжьаратәи аимадарақәа рхеилак уаанӡа напхгара азызуаз Мақсим Ӷәынџьиа. Имҩаԥгаз абжьыҭирала, жәларбжьаратәи аимадарақәа рхеилак ҿыц еиҳабыс далхуп Леила Ҭаниаԥҳа. 

Иара убас, арепатриациеи адемографиеи рхеилак иаҟәыҭханы, хазы иаԥҵоуп аԥсуара ахеилак. Уи напхгаҩыс еицҿакны иӡбахә рҳәеит Оқтаи Ҷкотуа.

Аекономикеи аинвестициеи рхеилак иадҵоуп уаанӡа хазы иаԥҵаз афинансқәа рхеилак. Уи ахеилак напхгара аиҭоит Абессалом Кәарҷиа. Афонд егьырҭ аилазаарақәа  шьақәгылоуп абас еиԥш: амаӡаныҟәгаҩ хада –  Асида Инаԥшьԥҳа, аинформациеи, апрессеи, ауаажәларреи реимадара ахеилак – Гәрам Амқәаб, асоциалтә политика ахеилак – Иулиа Гәымԥҳа, адемографиеи арепатриациеи рзы ахеилак – Сырма Ашәԥҳа, аԥсуара ахеилак –Оқтаи Ҷкотуа, жәларбжьаратәи аимадарақәа рхеилак –  Леила Ҭаниаԥҳа, аекономикеи, аинвестициеи, афинансқәеи рхеилак – Абессалом Кәарҷиа, акультуреи аҵарадырреи рхеилак –  Нугзар  Логәуа, аҿар рполитикатә хеилак– Асҭамыр Логәуа.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ҿыц аусура иадыԥхьалоуп: афонд ахьӡала Нхыҵ Кавказтәи Ареспубликақәа рхаҭарнак Гәырам Гәымба, аиурист – Роман Қапба,  асаит аиҭагаҩцәа – Наала Басариаԥҳа, Анзор Арҩыҭаа. Афонд администрациа аусзуцәа – Сабина Быҭәԥҳа, Мџьыҭ Гогәуа.

"Аԥсны араионқәа рыҩныҵҟа афонд ахаҭарнакцәа  шьақәырӷәӷәатәуп. Уи афонд аусура акыр иацхраауеит. Афонд хырхарҭа рацәала аус ауеит. Аԥхьаҟа еиҳа ихадароуп ҳәа иԥхьаӡо азгәаҭаны, ахеилакқәа апрограммақәа  рышьақәыргылара иаҿуп, анаҩс аԥсҭазаара иалаҵәоит",– иҳәеит афонд ахада Сенер Гогәуа.

Аус руеит асоциалтә ҟазшь змоу, афонд еснагьтәи апроектқәа "Ани амаалықьи", "Аԥеиԥш". 

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа иаԥшьгарала иаԥцоуп, апроект ҿыц "Агәыразра".

"Аԥҟарақәа инарықәыршәаны, ишьақәырӷәӷәоуп  ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡара, шықәсык аҩныҵҟа афонд ахьӡала ацхыраара зауа. Мызкы жәаҩык ашколхәыҷқәа афонд ахьӡала ироуеит дара рҭахрақәа ирықәшәо ахаҵгылара. Апроект "Агәыразра" иаҵанакуеит 120-ҩык ашколхәыҷқәа", – иҳәеит  Сенер Гогәуа.

Иара убас, ирылацәажәан афонд иҳәаақәнаҵо егьырҭ апроектқәа. Иаарласны урҭ апроектқәа афонд алахәылацәа ирыдыркылоит, русурагьы хацыркхоит. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0