Арман Торосиан иан: схәыҷы асеиԥш дҟалап ҳәа сыҟамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукАрман Торосиан.
Арман Торосиан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арман Таросиан аоперациа маншәаланы изыҟарҵеит

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Арман Таросиан имаз амалыр амхразы аоперациа маншәаланы имҩаԥгахеит, лҳәеит иара иан Диана Чамиан.

"Аоперациа маншәаланы имҩаԥысит. Аоперациа ашьҭахьҵәҟьа акриҿаҵара уадаҩын. Ҳара агәра аагомызт ҳхәыҷы асеиԥш дыԥшӡаӡа дҟалап ҳәа. Ажәытәтәи ипатреҭқәа ҳамоуп. Даара иҽиԥсахит. Ҭабуп ҳәа аҳҳәоит афонд "Ашана", — лҳәеит Чамиан.

Акультура-гәыҳылылратә фонд "Ашана" аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа адырра ҟалҵеит ахәыҷы аҽа ҩ-операциак ихигараны дыҟоуп ҳәа.

"Раԥхьатәи аоперациа қәҿиарала имҩаԥыргеит. Уажәазы ацәажәара далагарц азы аҽа ҩ-операциак мҩаԥгатәуп нанҳәамзазы. Нас, быжьшықәса анихыҵлак ашьҭахь еиҭах аҽа операциак мҩаԥгатәуп. Абарҭ зегь рышьҭахь иаабац хәыҷык еиԥш иҭагылазаашьа ҟалоит. Ҳара ԥхьаҟагьы Арман адгылара иаҳҭалоит", ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Арман Торосиан бжьымз ихыҵуеит. Даниз ициит "ажьақьышә" ззырҳәо амалыр.

Аоперациа амҩаԥгаразы афонд "Ашана" еизнагеит иахәҭаны иҟаз аԥарақәа. Ԥхынҷкәынмзазы Москватәи ахәышәтәырҭаҟны ахәыҷы аоперациа изымҩаԥган.

Ажәабжьқәа зегьы
0