Рштуни: алифтқәа раанкылара ақалақьуаа рзы ауадаҩрақәа рызцәырнагоит

© Sputnik Бадрак АвидзбаЭрик Рштуни.
Эрик Рштуни. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астандартқәеи, ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшреи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ерик Рштуни иаҳзеиҭеиҳәеит Аԥсны алифтқәа ртехникатә ҭагылазаашьа атәы

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Зхархәара аамҭа иахыԥаз алифтқәа рхархәара аанкылара ақалақьуаа рзы ауадаҩрақәа рыҵалоит, иҳәеит Астандартқәеи, ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшреи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ерик Рштуни.

"Алифтқәа зынӡа раанкылара ҳзалыршом, убри азы урҭ ртехникатә проблемақәа рыӡбара ҳазхьаԥшроуп. Аремонт узалыршо иҟазар, иҟаҳҵоит", — иҳәеит иара.

Ерик Рштуни иажәақәа рыла Аԥсны Аҳәынҭстандарт азанаҭуаа алифтқәа ахьыҟоу аҭыԥқәа ргәаҭарақәа мҩаԥыргоит, аҭыԥаҟны ишьақәдыргылоит урҭ рхархәара алшо иалымшо.

Алифт аиҭашьақәыргылара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Атехникатә хылаԥшра аҟәатәи алифтқәа аанкылатәуп ҳәа иаԥхьаӡоит

"Алифтқәа ртехникатә експертиза амҩаԥгаразы урҭ атехникатә паспортқәа рымазароуп. Аҳәынҭстандарт аҟны аҭаҩратә номерқәа рыҭоуп 172 лифт. Егьырҭ алифтқәа рҭагылазаашьа ишахәҭоу иаҳзышьақәыргылом апаспортқәа ахьрыцым иахҟьаны", — иҳәеит Рштуни.

Урҭ рҭагылазаашьа агәаҭаразы атехникатә ршаҳаҭрақәа мҩаԥгатәуп.

"Атехникатә ршаҳаҭра ҳара иаҳзымҩаԥгом избанзар уи аԥаразоужьра маҷымкәа иацзароуп", — иҳәоит иара.

Рштуни иазгәеиҭеит Аҳәынҭстандарт Аԥсны алифт нхамҩа иԥымккәа агәаҭарақәа шымҩаԥнаго.

Аҟәа ақалақь аҟны 172 лифт аҭаҩратә номерқәа рымоуп, Пицунда – 37 лифт, Гагра – 57 лифт.

Ажәабжьқәа зегьы
0