"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" апроект "Аԥеиԥш" аусура иацҵоуп

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" анапхгара 100-нызқь мааҭ аԥара, зыҩны блыз, ахшара рацәа змоу Қорсантиаа рҭаацәа ҳамҭас иранаршьеит.
Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны анапхгара 100-нызқь мааҭ аԥара, зыҩны блыз, ахшара рацәа змоу Қорсантиаа рҭаацәа ҳамҭас иранаршьеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" анапхгара 100-нызқь мааҭ аԥара, зыҩны блыз, ахшара рацәа змоу Қорсантиаа рҭаацәа ҳамҭас иранаршьеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла инхо Зураб Қорсантиеи Мзиа Гезердааԥҳаи ԥшьышықәса раԥхьа агәаҟра ӷәӷәа иақәшәеит. Ааҩык рыхшареи дареи аҩны ишыҟаз, изыҩназ ахыбра амца акын инықәыблаа ицеит.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" апроект "Ани амаалықьи" аусура иацнаҵоит

Ишырҳәо еиԥш, хкыдгыларҭа рымамкәа адәы иаақәхеит. Уижьҭеи аамҭа акыр шцахьоугьы, аҭагылазаашьа аҽамԥсахӡеит. Иблыз аҩнаҵаҟа, рнапала иацхраан иҟарҵаз уадахәыҷык аҟны рхәыҷқәа рыдкыланы, ҭаацәала еицынхоит. Рыкрыфара, рыкрыжәра, рышьҭаларҭа уҳәа, иахьа уажәраанӡа рхы убра иаларыгӡоит. 

Ас еиԥш агәаҟра иақәшәаз аҭаацәа, цхыраара хәыҷык ҳауазар ҳәа, Сонер Гогәуа напхгара зиҭо "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ашҟа аҳәара ҟарҵеит. Хымԥада, афонд ахадара ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, Қорсантиаа рҭаацәа адгылара рынаҭеит. Зегь раԥхьа иргыланы, изызҳауа аԥсуа хәыҷқәа рҭагылазаашьа уадаҩ азгәаҭаны, зымҩа иаанымгылеит, афинанстә цхыраара рзыҟанаҵеит.

"Хара ҳфонд асоциалтә проектқәа адгылареи, ацхыраареи рынаҭоит. Аԥсуа ҭаацәарақәа ахшара рацәа зааӡо, ҳҳәынҭқарра иауасхырны ҳрыхәаԥшуеит. Афонд ахьӡала 100-нызқь мааҭ аԥара шәанаҳшьарц ҳҭахыуп. Ишәааӡо шәыхшара агәабзиареи, агәамчи рыгымзааит", — ҳәа азгәеиҭеит афонд ахада ихаҭыԥуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа.

Қорсантиаа рҭаацәа ракәзар, афонд иҟанаҵаз ахаҵгылара акырӡа еигәырӷьеит.

Зарандиаа иблыз рыҩны.
Зарандиаа иблыз рыҩны. - Sputnik Аҧсны
Зарандиаа иблыз рыҩны.

"Сҭаацәа зегьы рыхьӡала, даара ҭабуп ҳәа шәасҳәоит иҟашәҵаз ацхыраара ду азы. Зегь раԥхьа иргыланы, иҳашәҭаз аԥара, ахәыҷқәа ирыгу ирыбзоу, насгьы рыхәышәтәрахь исышьҭуеит. Ас еиԥш ацхыраара раԥхьаӡа акәны иҳауит. Даара гәахәала иҳадаҳкылеит", — лҳәеит аҩнаҭа аԥшәма ԥхәыс Мзиа Гезердааԥҳа.

Абасала, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны", ахшара рацәа змоу аԥсуа ҭаацәарақәа ирызку асоциалтә ҟазшьа змоу апроект "Аԥеиԥш" аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩаԥхьа агәыҳалалра аанарԥшлоит. 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0