Cақаниаԥҳа: ажәеинраалақәа ирымоуп рхатәы магиа

© Фото : Рада АжьибаГәында Сақаниаԥҳа
Гәында Сақаниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаԥган апоет, аиҭагаҩ Гәында Cақаниаԥҳа лырҿиаратә хәылԥазы жәабран 24 аҽны.

АҞӘА, жәабран 24- Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Бзиа избоит ажәеинраалақәа арыԥхьара, уи сара сзын Анцәа иахь иуҳәо ашәа иаҩызоуп, ҳәа лҳәеит лырҿиаратә хәылԥазы аартуа апоет, аиҭагаҩ Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аиҭагара атеориа арҵаҩы, апарламент аиҭагаҩ ареферент, Аԥсуа бызшәа Аҳәынҭқарратә фонд аспециалист хада Гәында Cақаниаԥҳа.

"Ажәеинраалақәа ирымоуп рхатәы магиа, рхатәы ԥхаррак, исҭахуп уи аԥхарра шәгәаҵанӡа анагара сылсыршар. Абас еиԥш иҟоу автортә хәылԥазқәеи, аиԥыларақәеи ирыбзоураны аԥсуа поезиа агәыбылра днаркуеит  еиҵагыло абиԥарқәа, иаҵоу амаӡақәа рзаанартуеит. Сара сзыҳәан уи еиҳау насыԥ ыҟам", — ацылҵеит  апоет.

Ахәылԥаз цонаҵы апоет дрыԥхьон лажәеинраалақәа, ахәаԥшцәа гәахәарыла ирыдыркылон, апоезиа адунеи ахь еицымҩахыҵуан.

Гәында Сақаниаԥҳа лнапы иҵаҵхьо лажәеинраалақәа ирныԥшуеит лыԥсадгьыл ахь илымоу агәыбылра, шаҟа лхатәы бызшәа ҳаралкуа, аибашьра аан иҭахаз лҩызцәа рықәхьаагара, лқыҭа гәакьа пату шылзақәу, лҭаацәа рахь илымоу абзиабара ртәы, уҳәа ирацәоуп лажәеинраалақәа реилазаашьа.

Иара убас, арҿиаратә еиԥылара иалахәыз идырбан Гәнда Сақаниаԥҳа илызкны ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа иҭылхыз афильм.

Гәында Cақаниаԥҳа диит 1966 шықәсазы, Очамчира араион Кәтол ақыҭан. 1981 шықәсазы далгеит Кәтолтәи абжьаратә школ. 1986 шықәсазы дҭалеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, 1983-1988 шықәсақәа рзы аҵара лҵон А.М.Горки ихьӡ зхыу Москватәи Алитературатә институт аҿы. 1989 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа аус луан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультантс. 1995 шықәса инаркны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла далоуп. Акьыԥхь ахь дцәырҵит 1980 шықәсазы. Гунда Сақаниаԥҳа авторс дрымоуп жәаба инареиҳаны аизгақәа. 2010 шықәсазы лажәеинраалақәа реизга "Саҭанеи лашәа" азы иланашьоуп Д.И.Гәлиа ихьӡ зхыу Аҳәынҭқарратә премиа. Лажәеинраалақәа еиҭаргахьеит аурыс, ахорват, аиталиан, англыз, атаџьик, араб, асерб бызшәақәа рахь. Иара убас, Г.Кәыҵниаԥҳаи лареи "Аԥсалтыр" еицеиҭаргахьеит. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0