Афонд "Ашана" 2015 шықәсазтәи аихшьаалақәа ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАкультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" есышықәсатәи аҳасабыртәатә еизара.
Акультура-гәыҳалалратә фонд Ашана есышықәсатәи аҳасабыртәатә еизара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара мҩаԥысит жәабран 25 рзы

АҞӘА, жәабран 26 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара мҩаԥысит жәабран 25 рзы.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Джевеира Колосова лажәақәа рыла ари ашықәса иалагӡаны афонд иарҳаит аҩызцәа ҿыцқәа, адгылаҩцәа. Афонд еиднакылеит ацхыраара ҟазҵар зҭаху рацәаҩны.

"Ҳтәылауаа ирыбзоураны 2015 шықәса рзы еизган 8 миллионки 135 нызқьи 165 мааҭ аԥара. 36-ҩык ахәыҷқәа рыхәшәтәра ахәԥса шәан. 34-ҩык ахәыҷқәа амедицинатә цхыраара рыҭан Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи, Израили рыхәышәтәырҭақәа рҟны", — лҳәеит Колосова.

"Ашана" информациатә партниор хаданы 2015 шықәса рзы иҟалеит АЕ "Абазеи" аинформациатә хаб "Sputnik Абхазиеи". Аинформациатә маҵзура Sputnik Абхазиа иазнархиеит 81 материал.

© Sputnik / Томас ТхайцукОтчетное собрание КБФ "Ашана".
Отчетное собрание КБФ Ашана. - Sputnik Аҧсны
Отчетное собрание КБФ "Ашана".

Аинформациатә маҵзура Sputnik Абхазиа адиректор Инал Лазба иазгәеиҭеит агәыҳалалра ауаа рацәа шеиднакылаз.

"Афонд "Ашана" аусура иалҵшәаны рацәаӡак иҭышәынтәалам аекономикатә ҭагылазаашьаан ҳауаажәлар иаадырԥшит ишрылшо аӡәы ирыцҳара адгылара, ацхыраара аҟаҵара. Агәыҳалалра ауаа рацәа еиднакылеит. Афонд аусура дуӡӡа мҩаԥнагеит ахәыҷ чымазцәа ацхыраара рыҭаразы. Sputnik Абхазиа акоманда акәзаргь иалшо зегь ҟанаҵоит Афонд аусура адгылараҿы. Ҳара ԥхьаҟагыьы асеиԥш иҟоу ахәыҷқәа гәыгәҭаҳажьуам", — иҳәеит Лазба.

Афонд зыцхраауа рзы аинформациа аиура алшоит Аԥснытәи аҳәынҭрадиоеилахәыраҟны, "Гәдоуҭа-ТВ", "Гагра-ТВ", агазеҭ "Республика Абхазиа" рҟны.

2015 шықәса рзы Афонд иаиуит адгылаҩ ҿыц – Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны". Уи ахахьы иагеит есышықәса 800 000 мааҭ ДЦП змоу ахәыҷқәа рыхәышәтәразы иоунажьларц.

Иахьатәи аамҭазы Афонд иахықәкы хаданы иҟоуп акоммерциатә еиҿкаарақәа, абизнесуаа акциа "Спасем жизнь вместе" разхьарԥшра. Иаарласны зыхәышәтәра аҭаху ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷым, урҭ здызкыло ахәышәтәырҭақәа рацәоуп, ихадароу ахәышәтәра ахәԥса аизгароуп, лҳәоит Колосова.

© Sputnik / Томас ТхайцукОтчетное собрание КБФ "Ашана".
Отчетное собрание КБФ Ашана. - Sputnik Аҧсны
Отчетное собрание КБФ "Ашана".

Абизнесуаҩ Беслан Шьакаиа иеиҿикааз икоммерциатәым акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" – Аԥсны ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иацхыраауа, макьаназы иаку, фондуп. Иара убас афонд амилаҭ, аҿар рдоуҳатә ҿиаразы асоциалтә программақәа еиҿнакаауеит.

Афонд 2008 шықәсазы ацхырааратә програамақәа фба рыла аусура иалагеит. Иахьа "Ашана" аҳәаанырцә иҟоу иреиӷьу ахәышәтәырҭақәа рахь ахәыҷқәа рышьҭра иацхраауеит, уажә ааигәа Ҭырқәтәыла, Израиль, Германиа уҳәа атәылақәа рахь ахырхарҭа ҿыцқәа аадыртит.

Ажәабжьқәа зегьы
0