Џьелиа иуацәа аминистрра аԥхьа имҩаԥыргоз акциа хдыркәшеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаРодственники Руслана Джелия вышли на митинг у здания МВД
Родственники Руслана Джелия вышли на митинг у здания МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Завтомашьына ААИ (ГАИ) аусзуҩцәа аеихсыз, СИЗО "Дранда" уаанӡатәи аиҳабы Руслан Џьелиа иуацәеи иҭынхацәеи ААР(МВД) ахыбра аҿаԥхьа еизеит ахаша, хәажәкыра 9 рзы, уажәтәи аамҭазы акциа хыркәшоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 9 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Завтомашьына ААИ (ГАИ) аусзуҩцәа аеихсыз, СИЗО "Дранда" уаанӡатәи аиҳабы Руслан Џьелиа иуацәеи иҭынхацәеи ААР(МВД) ахыбра аҿаԥхьа еизеит ахаша, хәажәкыра 9 рзы. Дҵаны иқәдыргылоит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба иусура дамхызааит ҳәа. Уажәтәи аамҭазы акциа хыркәшоуп. Абри атәы аҭыԥаҟынтәи иааицҳауеит ҳкорреспондент.

Руслан Џьелиа ихаҭа зегьы иреиҳәеит акциа хдыркәшарц азы.

"Аӡбара ҳадаҳкылоит Атәыла ахада далархәны, уи уажәы иусурҭатә ҭыԥ аҟны дыҟаӡам. Даанӡа ҳааԥшыроуп", — иҳәеит Руслан Џьелиа.

Леонид Ӡаԥшьбеи еизаз рхаҭарнакцәеи реиԥылараан, аминистр иҳәеит аҭыԥ змаз ахҭыс агәалсра шизцәырнагаз. Аха еизаз азҵаара ӡбашьаны ирбо аминистр иԥхьатәара шакәу рҳәеит.

"Ицәыҵагәан Руслан иҿаԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵара ҳақәшаҳаҭӡам, арахь дцәырҵны аҭамзаара шьҭеиҵааит. Имаҵура даԥырҵааит", — лҳәеит Руслан Џьелиа иуаԥҳәыс.

СИЗО "Дранда" уаанӡатәи аиҳабы Руслан Џьелиа иаеихсит ААИ (ГАИ) апостқәа руак аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0