Раԥхьаӡа Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа аԥҵоуп

© Sputnik Анжелика Бения Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа шьаҭаркуп апоет имшира, хәажәкыра 11 аҽны.
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа шьаҭаркуп апоет имшира, хәажәкыра 11 аҽны. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа шьаҭаркуп апоет имшира, хәажәкыра 11 аҽны.

АҞӘА, хәажәкыра 11 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа шьаҭаркуп апоет имшира, хәажәкыра 11 аҽны. Абри атәы лҳәеит абрифинг аҟны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Ахәыҷтәи ақәыԥштәи литературахь алагалазы апремиа шьаҭанаркит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра.

"Апремиа аԥҵоуп Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи, акультура аусзуҩцәеи раԥшьгарала. Ҳара агәахәара ҳнаҭоит иара апоет имшира аҽны иахьышьаҭаҳаркыз", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Апремиаз аиндаҭлара мҩаԥысуеит хышықәса рахь знык. Аиндаҭларахь инаргоит апоезиа, апроза, адраматургиа ажанрқәа ирыҵаркуа арҿиамҭақәа. Номинациацыԥхьаӡа аиааиҩы далырхуеит. Аҽалархәра азин рымоуп ахәыҷтәи ақәыԥштәи литература аԥҵаҩцәа.

Инал Лазба даԥхьоит Таиф Аџьба иажәеинраала "Амра ссируп аҭашәамҭаз"

"Сынтәа имҩаԥысраны иҟоу раԥхьатәи аиндаҭлара акомиссиа алахәылацәа рыӡбрала аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәа зегьы аҵанакуеит. Уи аҵак ду амоуп ҳлитература зегь азы", — лҳәеит аминистр.

Ахәыҷтәи ақәыԥштәи литературахь алагалазы апремиа шьаҭанаркит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра. Аиндаҭларагьы иара еиҿнакаауеит. Арҿиамҭақәа алырхуеит аминистрраҟны иаԥҵахо акомиссиа. Иара иалахәхоит алитературеи, акультуреи, аҵареи рҟны еицырдыруа ауаа.

Акомиссиа алахәыла, атәыла Ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа далацәажәеит апремиа аҵакы.

"Таиф Аџьба инареиӷьӡаз хәыҷтәы поетын. Ахәыҷтәы поезиа аеталон ҳәа рзуҳәар ауеит иара иаԥҵамҭақәа. Ирацәоуп иажәақәа аԥсуа композиторцәа амузыка ианырҵаз. Иара ихаҭагьы даара аԥсуа ажәа, аԥсуа жәеинраала зныруаз аӡә иакәын. Таиф иажәеинраалақәа ҟазара дула иҩуп. Урҭ ирныԥшуеит аԥсуа фольклор, аԥсуа бызшәа аҷыдарақәа зегьы нҭырҳәыцааны", — иҳәеит Занҭариа.

Аиндаҭлара ҩ-етапкны имҩаԥысуеит. Зырҿиамҭа аԥыжәара агаз автор ианашьахоит 50 000 мааҭ зыртәо апремиа.

Акомиссиа ахантәаҩы, афилологиатә наукақәа ркандидат Валентин Коӷониа иазгәеиҭеит Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа аԥҵара азҵаара ажурнал "Алашара" аҟны ишалацәажәаз, ажурнал аредактор Анатоли Лагәлаа иаԥшьгарала. Аԥсуа интеллигенциа еицҿакрыла абри аидеиа иадгылеит.

Ажурналист Светлана Қорсаиаԥҳа лажәақәа рыла Таиф Аџьба ирҿиамҭақәа аԥсуа ҿар ирылаҵәаны иҟоуп.

"Таиф иарбанызаалак ипоезиа иаҵубаауеит ахәыҷра ацқьара, адунеиқәыԥшылара. Иахьатәи аԥсуа хәыҷқәа гәахәара дула иаԥхьоит иара иажәеинраалақәа", ҳәа азгәалҭеит ажурналист.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Аџьба Таиф Шьаадаҭ-иԥа диит 1939 шықәса хәажәкыра 11 рзы, Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан.

1992 шықәса жьҭаара 9 рзы Аҟәа иалахан иҟаз апоет ақырҭуа гвардееццәа дыкны дыргеит. Иахьанӡагьы ихабар ыҟам. Ишьақәыргылам аинформациа ала акраамҭа дандыргәаҟ ашьҭахь иԥсҭазаара далхәыдартәит.

Ажәабжьқәа зегьы
0