Казанба: "Совмин" еиҭашьақәыргылахоит

© Sputnik Бадрак АвидзбаАҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" адиректор хада Игор Казанба
Аҳәынҭеилакы Аԥсныргылара адиректор хада Игор Казанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" адиректор хада Игор Казанбеи аилак архитектор хада Давид Ешбеи иаҳзеиҭарҳәеит аибашьраан иблыз ахыбра аиҭашьақәыргылараз аусурақәа ртәы.

АҞӘА, хәажәкыра 15 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" адиректор хада Игор Казанбеи аилак архитектор хада Даҭо Ешбеи иаҳзеиҭарҳәеит аибашьраан иблыз ахыбра аиҭашьақәыргылараз аусурақәа ртәы. "Ахыбра еиҭашьақәыргылахоит", — иҳәеит Аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" адиректор хада Игор Казанба, ашәахьа, хәажәкыра 14 рзы ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

"Москватәи аҟазацәа иаҳзааргеит аескизтә вариантқәа хԥа. Ахыбра даара хаҭабзиарыла иргылан, ҳара иҳалшоит иара аиҭашьақәыргылара", — иҳәеит Казанба.

Игор Казанба иажәақәа рыла, 2016 шықәса мшаԥымза инаркны иазыԥхьагәаҭоуп апроектқәа рфинансыркра. Казанба иажәақәа рыла аусурақәа ирылахәхоит аԥснытәи архитекторцәеи аконструкторцәеи.

© Sputnik Бадрак АвидзбаВид на Сухум из окна совмина.
Вид на Сухум из окна совмина. - Sputnik Аҧсны
Вид на Сухум из окна совмина.

"Аргыларақәа етап-етапла еихшахоит. Раԥхьатәи аетап иаҵанакуеит ахыб аԥсахра, аԥенџьырқәа рҭасара. Насоуп егьырҭ аусурақәа ианрыцҵахо", — иҳәеит Аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" адиректор хада Игор Казанба.

Аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" архитектор хада Давид Ешба иажәақәа рыла ахыбра аиҭашьақәыргыларазы ажәалагала ҟанаҵеит "Москва аҩни" Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи рпроектқәа рыҟаҵара иалахәыз урыстәылатәи афирма.

Ешба иажәақәа рыла аконференц-зал ықәгахоит иара аиҭашьақәыргылара ахьзалмыршахо иахҟьаны.

"Аконференц-зал ықәгахоит иара аиҭашьақәыргылара ахьзалмыршахо иахҟьаны. Апроектеровшьчикцәеи архитекторцәеи аус ду раԥхьа ишьҭоуп", — иҳәеит иара.

Аусурақәа рыхәԥса алацәажәара макьаназы изаауп.

© Sputnik Бадрак АвидзбаШахта лифта в здании совмина.
Шахта лифта в здании совмина. - Sputnik Аҧсны
Шахта лифта в здании совмина.

Аекономика аминистрра иаанаԥхьаз урыстәылатәи азанааҭуаа ахыбра ҭҵааны алкаақәа ҟарҵеит иара аиҭашьақәыргылара ауа иҟоуп ҳәа.

1981 шықәса рзы иргылан 1993 шықәса цәыббрамза анҵәамҭазы, аҳҭнықалақь ахақәиҭраан ирыблыз Аиҳабыра рыҩны, иахьа уажәраанӡа иара аиҭашьақәыргылара залымшацызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0