Гаграа иргәаладыршәеит хәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз аҵеицәа

Гагратәи Ахьӡ-аԥша амемориалтә комплекс ахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Бганба, адепутатцәа.
Гагратәи Ахьӡ-аԥша амемориалтә комплекс ахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Бганба, адепутатцәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иргәаладыршәоит ишьаарҵәыраз хәажәкыратәи ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа.

ГАГРА, хәажәкыра 16 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Хәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәарц Гагратәи Ахьӡ-аԥша амемориалтә комплекс ахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент ахантәаҩы Валери Бганба, адепутатцәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәарақәа, Гагра араион Ахадара, ашколхәыҷқәа, астудентцәа.

Аԥсуа жәлар рзы ари алахьеиқәҵаратә мшы хашҭшьа амам. Иахьа уажәраанӡа илаӷырӡашуеит зыҷкәынцәа ҭахаз анацәа, абацәа, игәырҩоит аҳәсеибацәа, ирхылҵыз ахшара. Ирыцеибашьуаз рҩызцәа ракәзаргьы, наӡаӡа ргәы ахәра ду нхалеит.

"Сара салан Гаидар Иазычба командаҟаҵаҩс дызмаз Гагратәи абаталион. Хәажәкыра 16 рзы, шырԥазы аибашьцәа срыцны сылбааит Гәымсҭа аӡиас аҿықәахь. Араҟа снапы иҵсхьан 18-ҩык ахәцәа, исырҽеихьан 4-ҩык аԥсцәа. Аха аҩада рҭыгара сахьымӡеит. Ашьыжь 10 сааҭки 30 минуҭи рзеиԥш, ақырҭцәа иҳаларҵаз аминомиот аснариад ахәра ӷәӷәа снаҭеит. Агоспиталь ахь санырга, сызхьымӡаз аус иацылҵеит сҩыза Лиалиа Ԥаразиа. Ҵаҟа исцәынхаз ахәцәеи аԥсцәеи аҩада ихалгалеит. Хәажәкыратәи ажәылара анырҳәо, иаразнак схаҿы иааиуа сыхәра акәӡам, иԥжәоз аснариадқәа ҳаибашьцәа рымаха-рышьаха цҟьаны ишагоз ауп. Абри сыԥсы ахьынӡаҭазаауа иԥхыӡ ҿаасҭаны сышьҭа ихызаауеит", — лҳәеит хәажәкыратәи амш еиқәаҵәақәа згәалазыршәо аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Нана Акаба.

Хәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз рыԥсыбаҩ анышә иамадан Аҟәа ақалақь ареспубликатә хәышәтәырҭа авара. Аибашьра ашьҭахь ҭагалан, аҭаацәа рыҷкәынцәа анышә реиҭамадаразы азин анроу, хаҭала рхаҭара ашьақәыргылара иалахәын. Згәакьацәа здырыз раб игәараҭахь иган, егьырҭ ирызқәаҭыԥхеит Аҟәатәи Ахьӡ-аԥша апарк. Шықәсқәак раԥхьа нап зыркыз аексгумациа иабзоураны, дара рхаҭара ашьақәыргылара хацаркхеит.

Хәажәкыратәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. Аҭоурых аҿы ари ажәылара лҵшәадоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, аха аибашьра иалахәыз аветеранцәа рыхәҭак ргәаанагарала, уи иабзоураны Аԥсны Аиааира агаратәы аҭагылазаашьа аԥҵахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0