Урыстәыла атәылауаҩра аиура еиҳа имариахоит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАтәылауаҩшәҟәы аиура апроцесс.
Атәылауаҩшәҟәы аиура апроцесс. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәса хәажәкырамзазы анапы аҵаҩын Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара акоординациа зызуу адәныҟатәи аполитика аларҵәара амеханизмқәа рзы Амеморандум.

АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik. 2015 шықәса хәажәкырамзазы анапы аҵаҩын Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара акоординациа зызуу адәныҟатәи аполитика аларҵәара амеханизмқәа рзы Амеморандум. Убри инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгбеи хәажәкыра 18 рзы иалацәажәараны иҟоуп Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра роура еиҳа армариара азҵаарақәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба Урыстәылатәи Афедерациа усутә визитла даҭааны дыҟоуп хәажәкыра 17-18 рзы.

Чрыгба иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара акоординациа зызуу адәныҟатәи аполитика аларҵәара амеханизмқәа рзы Амеморандум анапы шаҵаҩыз. Убри инақәыршәаны иаԥҵоуп иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа амеханизм.

"Ҳара ҳазлацәажәаша ҳамоуп. Ҳтәылақәа аинырра бзиа рыбжьоуп. Сергеи Виктор-иԥа иԥылара аламҭалаз иазыԥхьагәаҳҭоит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥысшьа, Аԥсны атәылауаа урыстәыла атәылауаҩра роура еиҳа армариара, аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара, Аԥсны еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рылалара уҳәа ирзырхоу азҵаарақәа", — иҳәеит иара.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр иара убасгьы далацәажәеит 2009 шықәса рзы Аԥсны иаҭаз, 2 миллиард мааҭ инаӡо акредит ахыхра аиԥылараан ишцәырымгахо.

"Ари азҵаара ҳтәылақәа рхадацәа алацәажәеит. Сергеи Лаврови сареи уи ҳалацәажәаӡом", — иҳәеит Чрыгба.

Ажәабжьқәа зегьы
0