Тҟәарчал араион ахадареи, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни" еиқәшәеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаТҟәарчал араион ахадареи, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни" ахаҭарнакцәеи еиқәшәеит
Тҟәарчал араион ахадареи, Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни ахаҭарнакцәеи еиқәшәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион администрациаҟны имҩаҧысит араион ахадареи, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аҳаҭарнакцәеи реиҧылара.

АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik, Сырма Ашәԥха. Тҟәарчал араион администрациаҟны имҩаҧысит араион ахадареи, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аҳаҭарнакцәеи реиҧылара.

Уи иалахәын араион ахада Аида Чачхалиаҧха лхаҭыҧуаа Зураб Аршба, Витали Кәыҵниа, афонд ахьӡала Тҟәарчалтәи ахаҭарнак Виолетта Бигәааҧҳа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуа, афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, аекономикатә ҿиареи аинвестициеи афинансқәеи рхеилак анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиа, адемографиеи аҧсуареи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳа.

Аиҧылараҟны иазааҭгылан, Тҟәарчал араиони афонди аҧхьаҟатәи русеицура иадҳәалаз азҵаатәқәа. "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуа инарҭбааны дазааҭгылеит афонд имҩаҧнаго аусуреи, аҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкқәеи. 

"Ҳара зегь раҧхьа иргыланы, ҳауаажәлар рзы ихәарҭахап ҳәа ҳгәы иззаанаго аусқәа ҳнапы рылакуп. Ҳфонд аҩныҵҟа аус руеит хырхарҭала еиуеиҧшым аҟәшақәа. Аус рыдаҳулоит асоциалтә ҟазшьа змоу еснагьтәи апроектқәа: "Ани амаалықьи", "Аҧеиҧш", "Агәыразра". Урҭ ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа, ҿыц ахшара зауз аҭаацәарақәа, иара убас зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ашколхәыҷқәа рыцхыраара иазкуп. Лассы аусура иалагоит аспорт иазку апроект ҿыц. Раионцыҧхьаӡа иалхны иҳамоуп афонд ахаҭарнакцәа, урҭи ҳареи ҳаигәныҩны аус еицаҳуеит. Аҧхьаҟа ҳгәы иҭоуп егьырҭ ахырхарҭақәа рыла апроектқәа аус рыдулара, урҭ аҧсҭазаара раларҵәара", — иҳәеит афонд ахада Сонер Гогәуа.   

 Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаҧха иазгәалҭеит, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" имҩаҧнаго аусура аӡбахә шлаҳахьаз. Афонд ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит, алҵшәа бзиа змоу еиҿыркаауа аусқәа рзы. Дазааҭгылеит  Тҟәарчал-ақалақь фырхаҵа,  иахьатәи аҭагылазаашьа.

Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ахада Сонер Гәогуа - Sputnik Аҧсны
Сонер Гәогуа: ҳзеиԥш ус азы ҳажәҩахыр еибаҳҭароуп

"Тҟәарчал аҭагылазаашьа уадаҩ амазаргьы, инхо ауааҧсыра ҳгәы каҳажьӡом. Излаҳалшо ала, аҳәынҭқарра ацхыраарала, ҧхьаҟа ацара ҳҽазаҳшәоит. Анхара-анҵыра, ахныҟәгара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ыҟоуп.  Аха, ҳаицхырааны, ҳаидгыланы, ииашоу амҩа ахырхарҭақәа рыҧшаара ҳаҿуп", — лҳәеит Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаҧҳа. 

Афонд ахада Сенер Гогәуа, Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаҧҳа лҭахрақәа инарықәыршәаны ажәа лиҭеит, иаарласны Тҟәарчалтәи аиндустриалтә техникум хә-компиутерк ҳамҭас ишаиҭо. Аҧхьаҟагьы, афонд иахьынӡалшо ала ацхыраара шрынаҭало. Уи араион ахада даара гәахәас илыдылкеит.  

Аиҧылараҟны иазааҭгылан аекономикатә ҟазшьа змоу еицырзеиҧшу апроектқәа рынагӡара, иара убас ирылацәажәан егьырҭ азҵаарақәа. 


Ажәабжьқәа зегьы
0