Жәлар Реизара аҵыхәтәантәи аԥхьарала аԥҳәыс лҽырбгара мап ацәнакит

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахьа, хәажәкыра 21 азы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны Жәлар Реизара аҵыхәтәантәи аԥхьарала аԥҳәыс лҽырбгара мап ацәнакит "Ани имиц ахәыҷи аҳәынҭқарратә хьчара рыҭара" азакәан апроект аиҭакра алагаларала.

АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәахьа, хәажәкыра 21 азы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны Жәлар Реизара аҵыхәтәантәи аԥхьарала аԥҳәыс лҽырбгара мап ацәнакит "Ани имиц ахәыҷи аҳәынҭқарратә хьчара рыҭара" азакәан апроект аиҭакра алагаларала.

Атәыла Ахада Апарламент аҟны ихаҭарнак Дмитрии Шамба иазиԥхьаӡоит амапкратә формала ахықәкқәа рынагӡара залшом ҳәа.

"Адемографиатә проблемақәа рыӡбразы иҟоу апроблема аҽакала иазнеитәуп. Иахәҭоуп асоциалтәи аекономикатәи ҟазшьа змоу апроблемақәа рыӡбра", — иҳәеит Шамба.

"Сара иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахыуп сҩызцәа, сахьеилыркааз азы, иахьсыдгылаз азы. Анцәа дҳахәааит", — иҳәеит апроект автор Саид Ҳаразиа.

"Ани имиц ахәыҷи аҳәынҭқарратә хьчара рыҭара" азакәан апроект ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит. Абжьыҭираан 26-ҩык адепутатцәа ақәшаҳаҭны, хҩык аҿагыланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0