Ареферендум амҩаԥгаразы ҵаҵӷәы ыҟам

© Sputnik Бадрак Авидзба"Аԥсны жәлар ракзаара Афорум" апресс-конференциа.
Аԥсны жәлар ракзаара Афорум апресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны жәлар ракзаара Афорум" апресс-конференциа мҩаԥнагеит, уаҟа ахәшьара аҭан ареспублика Ахада изаамҭанытәим иалхрақәа рзы "Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рблок" аԥшьгара.

АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Аԥсны жәлар ракзаара Афорум" апресс-конференциа мҩаԥнагеит. Уаҟа ахәшьара аҭан ареспублика Ахада изаамҭанытәим иалхрақәа рзы "Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рблок" аԥшьгара. Ареферендум амҩаԥгаразы ҵаҵӷәы ыҟам иҳәеит аполитикатә партиа "Аԥсны жәлар ракзаара Афорум" ахантәаҩы Даур Аршба.

"Асеиԥш иҟоу азҵаарақәа рышьҭыхразы аҵаҵӷәы ӷәӷәаны иҟазароуп. Иахьатәи анапхгара ирыгу ыҟазаргьы ареферендум амҩаԥгаразы амзыз ӷәӷәақәа ыҟазароуп", — иҳәеит иара.

Даур Аршба иазгәеиҭеит ареферендум амҩаԥгара амзызқәа ируакны ишадырбо алхраԥхьатәи аргәыӷрақәа, аха ареспубликаҟны иубарҭоуп аекономикатәии асоциалтәии усхкқәа рҟны аиҭакрақәа шыҟоу.

Аршба иазгәеиҭеит 2004 шықәса рызгьы аргәыӷрақәа шырацәаз, аха урҭ рынагӡара аӡәгьы дшахымыццакуаз. Ареферендум аӡбахәгьы аӡәгьы далацәажәомызт.

2016 шықәса хәажәкырамзазы аԥшьгаратә гәыԥ Аԥсны Алхратә комиссиахь арзаҳал нарышьҭит ареспублика Ахада изаамҭанытәим иалхрақәа рзы. 2016 шықәса хәажәкыра 2 рзы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа иазгәарҭеит ареферендум атәылаҟны иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа ауадаҩра иадҳәалоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0