Ацәыргақәҵаҟны Аԥснытәи апавильон аҭааҩцәа рацәаҩуп

© MITTMoscow International Travel & Tourism ацәыргақәҵа.
Moscow International Travel & Tourism ацәыргақәҵа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа MITT Аԥсуа павильон адҵаалаҩцәа рацәаҩны иамоуп ҳәа ҳаиҳәеит Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа.

АҞӘА, хәажәкыра 25 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Москватәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа MITT "Аныҟәарақәеи атуризми" раԥхьаӡа акәны иалахәхаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Апавильон адҵаалаҩцәа рацәаҩны иамоуп, ҳәа ҳаиҳәеит Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа.

Ацәыргақәҵахь инагахоит атуристтә бизнес знапы алаку ареспублика ҳнаплакыҩцәа. Дара ирылшоит аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара, аиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи рыбжьаҵара Аԥсны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа атуристтә аалыҵ амҩаԥгаразы ҳәа азгәеиҭеит Гарцкиа.

Аминистр иажәақәа рыла Аԥснытәи апавильон аҭааҩцәа рацәаҩны иамоуп. "Ари иалнаршоит ахӡыргара, ҳкультура, ҳҭоурых, ҳтәыла аԥшӡара ауаа дырбара. Египети Ҭырқәтәылеи аус рыцызуаз атуроператорцәа иахьа Аԥсныҟа ихьаԥшуеит", — иҳәеит аминистр.

Аԥсны ацәыргақәҵа ишалахәхо анрылаҳәаха ашьҭахь ареспублика иамоу атуристтә аалыҵ аинтерес шьҭыҵуа иалагеит.

"Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иуднагалаша амоуп. Есааира ақалақьқәеи араионқәеи ринфраструктура еиӷьхоит. Ҳара иаҳҭахуп атуроператорцәеи атурагентцәеи ирызнаагарц иҟоу аиаша, инарҭбаау аинформациа", — иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

© Фото : Министерством по курортам и туризмуСтенд Абхазии на международной выставке MITT
Стенд Абхазии на  международной выставке MITT - Sputnik Аҧсны
Стенд Абхазии на международной выставке MITT

Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба иазгәеиҭеит Москватәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа “Путешествия и туризм” (MITT) иахьатәи аамҭазы Урыстәылеи ИАР атәылақәеи рҟны реиҳа инарҭбаау цәыргақәҵоуп ҳәа.

Москватәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа “Путешествия и туризм” (MITT) мҩаԥысуеит хәажәкыра 23-26 рзы. Иара иалахәхараны иҟоуп адунеи атәылақәа 80. Ацәыргақәҵа “Путешествия и туризм” (MITT) адунеи иреиҳау ацәыргақәҵақәа хәба ирыҵаркуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0