Афранцыз акцент змоу аԥсуа бизнес

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥенџьыр системақәа реиқәыршәара.
Аԥенџьыр системақәа реиқәыршәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жан Марк Данто Франциа иҟоу ақалақь Сан Назер аҟынтәи Аԥсныҟа дааит 1997 шықәса рзы, жәларбжьаратәи агуманитартә миссиа далахәны. Аха аԥсҭазаара убасеиԥш иҟалеит – Аԥсны даанхартә еиԥш, аҭаацәара аԥиҵартә еиԥш, ибизнес ара ихациркыртә еиԥш.

Асҭанда Арӡынԥҳа. 

Sputnik. Жан Марк Данто Франциа иҟоу ақалақь Сан Назер аҟынтәи Аԥсныҟа дааит 1997 шықәса рзы, жәларбжьаратәи агуманитартә миссиа "Движение против голода" далахәны. Жан иусутә ныҟәара иԥсҭазаара зегь еиҭанакит.

"Усҟантәи аамҭазы Ангола сыҟан, ахәышәтәырҭа аргылара салахәын. Ус, УВКБ апроект ала Аԥсны имҩаԥыргоз аусурақәа урылахәхароуп рҳәеит. Аамҭақәак рыла Луандантәи Қарҭынӡа сааит, уантәи Аҟәаҟа", ҳәа еиҭеиҳәоит Жан.

Жан Марк диит Франциа, Сан Назер ақалақь аҟны, Британиа ду иҟоу Ноттингемтәи ауниверситет доушьҭымҭоуп. Ауниверситет ашьҭахь аӷбақәа рпроектқәа ҟаиҵон иқалақь гәакьаҿ, аха нас диасуеит жәларбжьаратәи агуманитартә еиҿкаарахь усура ҳәа.

25 шықәса зхыҵуаз арԥыс зынӡагьы издырамызт дахьцоз. Аԥсны аӡбахә зынӡагьы имаҳацызт.

"Аиаша уҳәозар, раԥхьатәи сцәаныррақәа акыр еилататоуп. Анголантәи Аԥсныҟа санаауаз аламҭалаз сычмазаҩхан, ашоура сыман", ҳәа игәалаиршәоит иара.

Дыззаз аус ҩымчыбжьа рыла аҭыԥ иқәҵаны ацара иҽазикуанаҵы хымз даанхарц иҳәеит, аиҿкаара аҽа нџьнырк даиуаанӡа. Хымз рцынхәрас шықәсык даанхеит Аԥсны Жан Марк.

Абалеттә студиа аԥеиԥшқәа

1998 шықәса рзы Гал араион аҟны апроблемақәа ҟалеит, ахҵәацәа рацәаҩны наҟтәи аган ахь ииасит. Жәыргьыҭ араион аҟны урҭ рзы алагерқәа ргылатәхеит. Шықәсыки бжаки рышьҭахь еиҭах Аԥсныҟа дхынҳәит. Уи анахыс араҟа иԥылаз анасыԥ Аԥсны дааннакылеит иахьанӡагьы.

Аԥхьа аргыларатә еилахәыра еиҿикааит, аха аусура рацәак лҵшәа амоуит, нас аусура далагеит HALO Trust аҟны.

Иахьа, Жан Марки иԥшәмаԥҳәыси ирааӡоит хҩык ахшара, ихатәы бизнес ала ихы ныҟәигоит. Ифирма аԥенџьырқәеи ашәқәеи раагареи рықәыргылареи иазкуп. Иарахьы иднагало зегьы гәахәарыла рымаҵ руеит.

"Уахык зны, иахьатәи слахәылеи сареи ҳтәаны ҳаицәажәон. Иара усҟангьы асеиԥш иҟаз афирмаҟны аус иуан. Ҳаргьы убас фирмак зааҳмыртрызеи ҳәа ҳазхәыцит. Насгьы сара сзанааҭ иацәыхарам уи аус", ҳәа игәалаиршәоит Жан Марк.

Аԥенџьыр системақәа реиқәыршәашьа атехнологиа аилахәцәа интернетла иҭырҵаауан.

Иахьа, Жан ҳҭыхырҭатә гәыԥ Ачадара аус зуа изауад иныҩныга-ааҩныган идирбоит, аусура шымҩаԥысуа рзеиҭеиҳәоит. Араҟоуп иахьыҟоу аилахәыра аофиси ацехқәа ҩбеи. Ашҭаҟны аӡҭарчы ҳнахьыԥшит.

"Иахьатәи аамҭазы ирацәаҩуп зашҭақәа рҟны аӡҭарчқәа ыҟазар зҭаху", — иҳәеит иара ҳалаԥшқәа ахьхаз гәаҭо.

Амодельер-аконструктор Рафик Минасиан. - Sputnik Аҧсны
Азанааҭ аҷыдарақәа. Аҟәатәи аӡахҩы

Анаплак аҟны аус руеит 40-ҩык ауааԥсыра. Иҟоуп Шьамтәылеи Иорданиеи рҟынтәи арепатриантцәа. Аусура аиҳарак амеханизациа азууп, ауаа хылаԥшцәоуп иҳәоит жан.

"Аԥсны атәымтәылауаҩ ибизнес хиртыр ауазаап", — сҳәоит сара.

"Зегьыҵәҟьа маншәалан иҟам. Сара слахәыла сыԥшәма лашьа иоуп. Сара сымацара сзы акыр ауадаҩрақәа ҟалон. Шәаргьы ижәдыруеит уи ус шакәу, проблемақәас иҟоу".

Жан иазгәеиҭоит иахьазы дтәымуаҩны ихы шимбо. Араҟа иҟоуп иҭаацәа, иҩызцәа, бзиа иибо иусура. Иԥеи иԥҳаи аԥсуа школ ахь иныҟәоит, ран лбызшәа бзиаӡаны ирдыруеит. Иара Жан ихаҭагьы еиликаауеит абызшәа, маҷкгьы иҳәоит. Урҭ идыррақәа акыр ихәоит иԥсҭазаараҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0