Рауль Ҳаџьымба алхрақәа ихы рылаирхәит

© SputnikАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ибжьы иҭиит Аҟәа.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ибжьы иҭиит Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ибжьы иҭиит Аҟәа ақалақь алхратә округ №1 аҟны.

АҞӘА, мшаԥымза 3 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ибжьы иҭиит Аҟәа ақалақь алхратә округ №1 аҟны амҽыша, мшаԥымза З рзы.

Атәыла Ахада ибжьы иҭиит абжьаратә школ №6 аҟны актәи алхырҭатә участок аҿы.

Ҳаџьымба игәаанагарала арҭ алхрақәа рҵакы аганахьала аӡәгьы гәыҩбара имоуроуп, аиҳаракгьы ааигәатәи азакәан аԥсахрақәа инарыдҳәаланы.

"Сара агәра згоит Аизарақәа активла аус шыруло. Урҭ азин рацәа роуеит. Ахадацәагьы русурагьы Аизарақәа хылаԥшра рырҭалоит. Ҳәарада Ахадацәагьы русура еиҳа ҭакԥхықәрала азнеира иалагоит. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа ибзианы, активла аус аныруа Апарламент ахь алхрақәагьы еиҳа ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥгахоит. Азакәан иақәшәо еиҿкаахоит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара азхьаԥшра аиҭеит кандидатс зхы ықәзыргылаз рахьтә аҿар шырацәоу.

"Сара ишызбо ала аҿар рацәоуп. Уи ҳҿар активла аусура ишазыхиоу унарбоит. Ақәҿиарақәа рзеиӷьашьоит", — иҳәеит иара.

Аԥсны иахьаҵанакуа, Гал араион аҟны ада алхрақәа амҩаԥысра иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0